Аԥсуа репер атрек ҿыц ҭижьит

© Sputnik / Томас ТхайцукМузыкант Астан Аджинджал
Музыкант Астан Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәақәа "Аҟәа", "Ԥхыӡ ббара саҟәҵроуп", "Мехико" рыла еицырдыруа аԥснытәи ареп-музыкант Асҭан Аџьынџьал изыӡырҩцәа ашәа ҿыц рыдигалеит.

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи арепер Janil Natas (Асҭан Аџьынџьал) иҭижыз ашәа "Аквилон" амузыкатә хархәагақәа iTunes, Apple Music, Google Music, Яндекс.Музыка, Вконтакте рҟынтә ахҩылаара алшоит.

А́сҭан иажәақәа рыла, ашәа аԥхьатәи авариант рхиан 2015 шықәса рзы. Амузыкатә композициа аира ҟалеит Александр Пушкин иажәеинраала данаԥхьа ашьҭахь.

Публикация от Janil Natas (@janilnatas)

"Сҩызеи сареи ҳаидтәалан. Сиҳәеит џьара акы дыхәмарырц. Иара аккордқәа аиырҳәон, сара Пушкин иажәеинраала "Аквилон" саԥхьон. Ааигәа еиҭазбеит усҟан иҭыхыз авидео, ашәа еиҭаскындаз сгәахәит. Аранжировка ҟасҵеит, ажәақәа сыԥсахит. Зынӡа аҽакхеит, аха ахьӡ мԥсахкәа иаансыжьит", - еиҭеиҳәоит иара.

Амузыкант игәҭакуп асолотә альбоми асингыл ҿыцқәеи рҭыжьра.

Ашәаҳәаҩ ирепертуар аҿы иҟоуп жәба рҟынӡа ашәа хип-хипи R`n`B ржанр иаҵанакуа. 

2018 шықәса рзы иашәа "Манеры" азы аклип ҭихит. Аклип продиуссерс дамоуп Сарина Турецкаиа, агәыԥ "Хор Турецкого" анапхгаҩы Михаил Турецки иԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0