Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы аҭыԥ змоу аԥарафара ҭнаҵаауеит

CC0 / / Банкомат
Банкомат  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥара аӷьычра ахҭыс аарԥшхеит абанкҩныҵҟатә гәаҭараан. Абри ашьҭахь Аҵәахырҭатә банк ахантәаҩы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адырра ҟаиҵеит.

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы аҭыԥ змоу аԥарацәӡара ҭнаҵаауеит. Абанк аҟынтәи 730 миллион мааҭ ӷьычуп ҳәа адырра ҟанаҵеит ахылаԥшратә усбарҭа асаит.

"Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ахантәаҩы Роберт Агрба иинформациала ацәгьоура аҭҵаара мҩаԥгахоит. Апрокуратурахь адырра ҟаҵан 2020 шықәса ажьырныҳәа 17 рзы", - рҳәеит Апрокуратура хадаҿы.

Ари ахҭыс аарԥшхеит абанкҩныҵҟатә гәаҭараан. Аԥара абанк акассала, иара убас, Аԥсны аҩныҵҟаи анҭыҵи аԥараиагареи рыҟазшьала абанк иҭыган. Азеиԥш ԥхасҭа иартәеит 729 миллион 479 нызқь мааҭ.

"Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа апроцессуалтә уснагӡатәқәа реизак мҩаԥнагоит, ишьақәнаргылоит ацәгьоура иалахәызар зылшо ахаҿқәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Агәаҭара алкаақәа рыла ирыдыркылоит апроцессуалтә ӡбамҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0