Карате кекусинкаи азы Очамчыра аиндаҭлара хдыркәшеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКарате кекусинкаи азы Очамчыра аиндаҭлара хдыркәшеит
Карате кекусинкаи азы Очамчыра аиндаҭлара хдыркәшеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны актәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз аиубилеитә турнир иалахәын шәҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Карате кекусинкаи азы Аԥсны актәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз аиубилеитә турнир, Очамчыра имҩаԥысуаз аиндаҭлара хдыркәшеит. Актәи аҭыԥ ныркылеит аҟәатәи акаманда, аҩбатәи –агәӡератәи акоманда, ахԥатәи – очамчыратәи акоманда ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит карате кекусинкаи азы Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанаа.

Аицлабрақәа ирылахәын аа-командак – Аҟәа, Очамчыра, Агәӡера, Ҟрым, Новошахтинск рҟынтә.

Карате  - Sputnik Аҧсны
Очамчыра имҩаԥысуеит карате кекусинкаи азы атурнир

Аӡбаҩ хадас дыҟан карате кекусинкаи азы Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанаа. Ауснагӡатә еиҿыркааит: Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рзы аҟәшеи кекусинкаи азы Аԥсны афедерациеи.

6-7 шықәса зхыҵуаз рыбжьара аиааира ргеит: Бадри Мурадиан (Очамчыра), Нестор Ҭарба (Аҟәа), Нестор Гадлиа (Аҟәа).

8-9 шықәса зхыҵуа рыбжьара еиӷьхеит: Самед Бабаев (Аҟәа), Баграт Қәҭараба (Аҟәа), Сандро Киут (Аҟәа), Нарҭ Багаҭелиа (Аҟәа).

10-11 шықәса зхыҵуа рыбжьара аԥыжәара роуит: Давид Мурадиан (Очамчыра), Ҭарба Алмас (Очамчыра), Давид Аџьынџьал (Агәӡера), Дмитри Кабасакалиан (Очамчира), Нестор Багаҭелиа (Аҟәа), Гареева Алина (Очамчыра), Павлова Александра (Агәӡера).

12 -13 шықәса зхыҵуа рыбжьара: Даниил Домбаев (Очамчыра), Киракосиан Альберт (Аҟәа), Ханджиан Виачеслав (Агәӡера), Максим Маргиа (Аҟәа), Виолетта Кондакчиан (Агуәӡера).

14 -15 шықәса зхыҵуа: Возба Леон (Аҟәа), Саид Кацуба (Аҟәа), Аџьынџьал Аҳмат (Агәӡера), Руслан Меликиан (Аҟәа), Леон Шакаиа (Аҟәа), Мелкониан Анаида (Агәӡера).

16 -17 шықәса зхыҵуа рыбжьара иҽаликааит Шааб Ҵәыџьба (Очамчыра).

18 шықәсеи еиҳауи рыбжьара - Инал Парцхалиа (Аҟәа), Леон Ҷиҭанаа (Аҟәа).

Атехниказы аԥхьахә ҷыда иоуит Максиму Онешко (Новошахтинск). 13 секунд рыла зықәгылара хзыркәшаз ҳәа дыԥхьаӡоуп Нестор Гадлиа, Зураб Мурадиан (рефери), Саид Думаа (абжьаратә ӡбаҩ).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0