Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт

© Foto / Саида Жиба Роман Кетия
Роман Кетия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ԥахьатәи советтә республиканы излаҟаз ала, ари амш ҳауаажәлар рахьтә милаҭтә ныҳәаны изыԥхьаӡогьы ыҟоуп, урҭ дыруаӡәкуп Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны акыр шықәса алагаратә арратә ҽазыҟаҵара маҭәарк аҳасабала имҩаԥызгоз Роман Кьетиа.

Жәабран 23 аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирымшуп. Асовет еидгыла аамҭақәа рзы уи хшыҩзышьҭра аҭаны атәылақәа жәпакы рҿы иазгәарҭозҭгьы, иахьа еиҳарак Урыстәыла ауп ныҳәак еиԥш иахьаԥыло.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Асоветтә идеологиа иааӡаз Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахь абзиабара, уи азы ахамеигӡара закәыз инырхьан иҭаацәараҟны, анаҩс ашкол данҭала. Усҟантәи аамҭазы аԥснытәи аҵараиурҭақәа рҿы алагаратә арратә ҽазыҟаҵара атеориеи апрактикеи аҿы иддырҵон еиҳа инарҵауланы, аҳәынҭқаррагьы иаԥнаҵон уи азы аҭагылазаашьа бзиақәа.

"Ҳара алагаратә арратә ҽазыҟаҵара ҳзымҩаԥигон Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран, хыԥхьаӡара рацәала аибашьратә ҳамҭақәа занашьаз Нургали Шалаханов. Атеориа анаҩсгьы, апрактикаҿы иаҳирҵон автомат ахархәашьа, ацәҟьарсҭа иақәыршәаны ахысшьа. Ахәҵа ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭаҿы аҭабиақәа ҳирҟаҵон. Агазцәыхьчагақәа ҳхаҵаны ҳирыҩуан. Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа мчыбжьык шрыгыз, ажәабатәи акласс аурыжьуан, ҷыдала аҳәынҭқарра ахылаԥшрала иаԥҵаз ахысырҭақәа рахь иргон аҽазыҟаҵаразы. Бзыԥҭагьы уи аҩыза ҳаман иахьа аҩбатәи ашкол ахьыҟоу инацәыхарамкәа. Ажәакала, аҷкәынцәа арра иргаанӡа ашьаҭа рырҭон", - еиҭеиҳәоит Роман Кьетиа.

Ашкол ашьҭахь Роман иҭаххеит арра аганахь Урыстәыла аҵараиурҭа дҭаларц. Аха усҟантәи аамҭазы уи азанааҭ ала 25 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа аус утәын азы, иҭаацәа дырцәыӡыр ҳәа ишәаны мап ркит. Арԥыс дҭалоит Ржев ақалақь амҩа-техникатә школ. Иҵара анхиркәшалак, Чукотка, Магадантәи аобласт, ақалақь Анадырь I аргыларатә баталион ахь аррамаҵура дахысырц дыргоит. 37-ҩык рыла ишьақәгылаз авзводгьы дҵаҟаҵаҩс дарҭоит. Уи аамҭазы Гагра араионынтә уаҟа рырратә уалԥшьақәа нарыгӡон Артур Ԥсардиа, Виктор Мунтиан, Зураб Саманџьиа.

Вячеслав Аргун - Sputnik Аҧсны
Баша зыԥсҭазаара мҩамсуа: Гагра араион аҳақьым хада Виачеслав Аргәын иҭоурых

"Сара арра санцоз 21 шықәса схыҵуан, қәралагьы зырратә уалԥшьақәа хзыркәшоз среиҳан. Изызӡари, архәҭақәа зегь рҿеиԥш "дедовщина" ҳәа изышьҭоу аиҳабацәеи аиҵбацәеи рыбжьара аҭыԥ аман. Аха ҩышықәса рыла аӡәгьы ихаҭара ларҟәны симацәажәеит, саргьы сганахь леишәа ҷыдак аадмыршит, иара азингьы рысҭомызт аха. Амала иҟоуп сгәалашәараҿы инхаз хҭыс хәыҷык. Ҳархәҭаҟны урыс ҷкәынак Узбекисҭанынтәи иҿыцны аррахь иааиз рԥыск длаирҟәуа далагеит. Егьи игәаҵа агәаӷ ҭаҵәахны имазаарын, автомат ахархәашьа анаҳдарбоз аамҭазы иаашьҭԥааны аурыс иахь уажәы усшьуеит ҳәа ахы ирхеит. Сара иҟалазеи ҳәа иганахь санааҳә, избеит уи апатрон шҭамыз, иагьеилыскааит уажәада инапаҟны абџьар шааимгацыз. Иара агәыҵә зықәкыз иакәзаргьы, изеилымкааит аҳазырҭра шҭацәыз, дшәаны иблақәа ҭырхаха дгылан. Рҩыџьегьы гәаныла саархыччан, автомат нимпыҵжәаны аузбек "акык-ҩбак нихысҟьеит" ихымҩаԥгашьазы, егьигьы лахь иоуит", - ирратә шықәсқәа дырзааҭгыло ахҭыс далацәажәоит Роман Кьетиа.

1980 шықәсазы аррамаҵура ашьҭахь Роман иҵара иациҵарц дҭалоит Москва, Бауман ихьӡ зху иреиҳау атехникатә ҵараиурҭа, аха аамҭакы ашьҭахь аԥсшьаразы аҩныҟа данаа, ишкол ахь аусура иԥхьоит адиректор Мелор Ҭаркьыли анкьа акласс напхгаҩыс имаз Валентина Агрԥҳаи. Аҵараҵареи аусуреи залыршахомыз азы, Роман иалихуеит арҵаҩра. Ари ашьаҿы знызаҵәыкгьы дахьымхәит.

© Foto / Саида Жиба Роман Кьетиа иҩызцәа рыбжьара
Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт - Sputnik Аҧсны
Роман Кьетиа иҩызцәа рыбжьара

39 шықәса ирылагӡаны Роман Гьаргь-иԥа аамҭа-аамҭала Бзыԥҭатәи актәии, аҩбатәии, Пицундатәи актәи ашколқәа рҟны аус иуит абаҩрҵәыра арҵаҩыс, ашколтә командақәа ашьапылампыли, амҵәышәымпыли, анапылампыли ирзыҟаиҵон.

Изныкымкәа аибашьра ҟалаанӡагьы иааӡамҭацәа ачемпионатқәа рҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргахьан. Акыршықәса имҩаԥигон алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара, убас аамҭак азы автоус. Аԥснытәи АССР аҵара аминистрраҟнытә "Ззанааҭ аҟны иреиӷьу", "Ашықәс иреиӷьу арҵаҩы" ҳәа далыркаахьан аҳәынҭқарратә ҳамҭала.

"Сԥышәа иснарбеит ҳхәыҷқәа даара аҟыбаҩ шрылоу аспорт ахырхарҭаҿы. Иаадырԥшуаз аинтереси агәацԥыҳәареи ирылҵшәахон ҳиааирақәагьы. 1982 шықәсазы сенсацианы иҟалеит Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҷкәынцәа рнапылампылтә командеи амҵышәымпыл азы аҭыԥҳацәа ркомандеи араионтә школқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥқәа ахьааныркылаз. Усҟан агазеҭгьы ҳџьашьаны ҳанырҵеит", - игәалашәоит арҵаҩы.

© Foto / Саида Жиба Роман Кьеиа иазыҟаиҵо ашклохәыҷқәа изныкымкәа аицлабрақәа рҟны аиааирақәа ргахьеит
Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт - Sputnik Аҧсны
Роман Кьеиа иазыҟаиҵо ашклохәыҷқәа изныкымкәа аицлабрақәа рҟны аиааирақәа ргахьеит

Роман Кьетиа иазыҟаиҵоз акомандақәа аибашьра ашьҭахьгьы Аԥсны иачемпионхахьан.

Алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара амаҭәар акәзар, уи ҷыдала дазыҟан арҵаҩы. Хаҭала Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхызгахьаз аветеран, абџьар ахархәашьа адагьы, ахәыҷқәа аԥсадгьыл ахь абзиабара диркит.

"Сара асовет система иааӡаз сзы ажәа "аԥсадгьыл" иаҵанакуа рацәоуп. Жәабран 23-гьы ныҳәак еиԥш исԥхьаӡоит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иадҳәалаз аҭоурыхтә рыцхәқәа ҿырҳәала иаадыруан, агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ҳанрыладырхәуаз, уи разҟны иҳаԥхьаӡон. Ҳџьынџьдгьыл шыхьчатәу, аӷа ишиҭатәым аҩны акәын раԥхьа иргыланы иахьҳарҳәоз. Иахьа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу амшқәа раан абаҟақәа рахь ашәҭшьҭаҵаразы мчыла инеиуагьы ыҟоуп. Абарҭқәа зегьы дырны, сурокқәа рҿы ахәыҷқәа рхы иҭагаланы ирасҳәоит ажәала мацара акәымкәа аус аҿгьы аԥсадгьыл бзиа ишбатәу. Абзиабара ҟамлар - аԥсадгьыл ахьчара залыршахом. Сара агәаҳәара ду сымоуп, аԥсуа ар анышьақәгылаз амш, жьҭаара 11 ҳтәылауаа еиҳагьы хадара злоу мшны ирԥхьаӡаларц", - ҳәа азгәеиҭоит арҵаҩы.

© Foto / Саида Жиба Роман Кьетиа иҵаҩцәа арра-спорттә хәмарра "Аиааира" иалахәны аихьӡарақәа аадырԥшуеит
Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт - Sputnik Аҧсны
Роман Кьетиа иҵаҩцәа арра-спорттә хәмарра "Аиааира" иалахәны аихьӡарақәа аадырԥшуеит

Роман Гьаргь-иԥа иҵаҩцәа, аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи неибеиԥшны иҳараку алҵшәақәа аадырԥшхьеит арра-спорттә хәмарра "Аиааираҿы". Ар рашәа нагӡауа ацәаҳәа ақәсреи, автомат аимыхреи аибыҭареи, аграната аршәреи, еиуеиԥшым абжьазаарақәа рҟны аҩреи, аҽышьҭхреи уҳәа рҿы ирыцназгоз даныҟамзгьы ыҟан ҳраиони иара ареспубликатә тури рҿы.

Ар аус ахь аинтереси агәаҳәареи аарԥшны Роман Кьетиа иааӡамҭацәа рахьтә уи ахырхарҭала азанааҭқәа зауз ыҟоуп.

"Ҳашкол агәадурақәа ҳәа ҳрышьҭоуп Москва арратә Академиа иалгаз Алиас Ҭарба, Виачеслав Амԥар, Санкт-Петербург арратә Академиа аушьҭымҭа Асҭамыр Барцыц, Оренбургтәи иреиҳау атанктә ҵараиурҭа иалгаз Алхас Ӡаӡба, Сызраньтәи иреиҳау аԥырратә Академиа аушьҭымҭа Аинар Сергьегьиа, Вольсктәи арратә институт иалгаз Русҭам Ҷанба. Аԥсны Иреиҳау арратә ҵараиурҭаҿы аҵара рҵеит Гиа Барцыц, Гиа Ҳаразиа, Ренат Ҷкотуа, Гиа Хьециа, Роман Канџьариа. Николетта Мхонџьиа дҭоуп Санкт-Петербургтәи арра-медицинатә Академиа, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аганахь ала Москва иреиҳау аҵараиурҭа иҭоуп Даниил Хагәышьи Алмас Кәакәасқьыри", - аҿар дреигәырӷьо рыӡбахә иҳәоит арҵаҩы.

© Foto / Саида Жиба Роман Кьетиа ашкол аҟны иара убас имҩаԥигоит автоус
Роман Кьетиа аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы: даҽазнык арра сыргозар, мап скуамызт - Sputnik Аҧсны
Роман Кьетиа ашкол аҟны иара убас имҩаԥигоит автоус

Роман Гьаргь-иԥа иахьа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны деиҭазыхынҳәит автоус амҩаԥгара. Ахәыҷқәеи иареи убриаҟара еишьцылоуп, аԥсшьамашқәа раан игәхьааибаго. Дарӷьажәҩаны дрывагылоуп иколлектив. Иара убас Гагратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ ааӡамҭацәа атлетика лас иазыҟаиҵоит. Есышықәса араиони ареспубликеи рҟны имҩаԥысуа арра-спорттә хәмарра "Аиааиреи" атлетика лас азы аицлабрақәеи аӡбаҩс дрымоуп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Роман Кьетиа Гагра араион аҭарцәразы ажәыларатә операциа далахәын, уи аԥхьаҟа Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз рышьхамҩақәа зыхьчоз дреиуан. Анаҩс Ерик Аншба командаҟаҵаҩс дызмаз аҳаирхыхьчара арӷәӷәара арота сҭаршинас даман. Далахәын аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0