Озгани Дочиаԥҳаи рус азы аматериалқәа аӡбарҭаҿы ирыԥхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОглашение приговора
Оглашение приговора  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рашәара 13 рзы аӡбаҩ Мимоза Цушԥҳа лхантәаҩлара ихацыркын Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы ашьаус.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы ашьаус аматериалқәа рыхәҭак иаԥхьан жәабран 24 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.

Аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа быжьсааҭк инарзынаԥшуа 180 даҟьа иҟаз ашьаус аматериал ахәҭак даԥхьеит. Арҭ аматериалқәа рҟны еиҭаҳәан Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рҭагылазаашьеи ашаҳаҭцәа рҿахәеиҭаҳәеи.

Ахарадҵаратә ган агәаанагарала аӷьычра мҩаԥган миллионки бжаки евро роуразы. Аха аӷьычцәа руаӡәк - Геннади Блабба – Дочиаԥҳа доуижьит ҩ-миллион мааҭ усҭоит ҳәа аниалҳәа ашьҭахь.

Ԥшь-ҩык ахара зду рҟынтәи хҩык - Алхас Ӡиӡариа, Арден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба аӡбара иалахәын.

Ареспублика Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа азыӡырыҩрра ацҵа ииалгеит жәабран 25 рахь. Иҟалоит абри амш азы аӡбамҭа рыларҳәаргьы.

Оглашение приговора  - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Дочиаԥҳа лӷьычра аус азы ахарадҵа жәабран 24 ирыларҳәоит

Ирина Дочиаԥҳа, ԥхынгәы 2 2016 шықәса рзы ирӷьычыз, нанҳәа 17 рзы лхы дақәиҭыртәит хшәаада, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны.

Ирина Дочиаԥҳа 44 мшы даанкыланы дрыман, аԥхьа Аҷандара ақыҭан инхо Џьниаа рыҩнаҭаҿы, нас – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аҩӡаа рыҩнаҭаҿы.

Аԥҳәыс лӷьычра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп: Асҭамыр Ӡиӡариа, Геннади Блабба, Арден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа. Дмитри Озган иакәзаргьы Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәылан ҳәа азгәаҭоуп.

Дмитри Озган ишьра далахәын ҳәа зыхьӡ ҳәаз Асҭамыр Ӡиӡариа дшьын Дранда абахҭаҿы, жәабран 4 ауха.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0