Анаркотикқәа рыларҵәаразы шьрала ахьырхәразы азакәан Аԥсны амч аиуит

CC0 / / Весы Фемиды, наручники и судейский молоток
Весы Фемиды, наручники и судейский молоток - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2007 шықәса раахыс Аԥсны ашьразы ахьырхәра аморатори ахьаԥҵаз азы анаркотикқәа рыларҵәараз ашьра ԥсаххоит ԥсраҽнынӡа аҭакрала.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Анаркотикқәа рыларҵәаразы ахьырхәра ӷәӷәа амчра аиуит хәажәкыра 1 инаркны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит адепутат Дмитри Дбар.

Анаркотикқәа рыларҵәаразы хьырхәра ҳасабла ашьра ма ԥсраҽнынӡа ҭакрала ахгара азԥхьагәазҭо анормақәа амчра роура ажьырныҳәа 1 инаркны хәажәкыра 1 ахь ииаган.

"Асеиԥш ҟаҳҵеит Аминистрцәа реилазаара анаркотик ахышәа-ҵышәа еиҳа ирацәоу имаҷу ҳәа еихыршарц, анаркотикқәа рыларҵәаҩцәеи адкылаҩцәеи еихыршарц азоуп. Апарламент аҳәара ҟанаҵеит "аграммовка" шьақәдыргыларц, аха макьана ари аус еиҭамҵӡацт", - иҳәеит иара.

Иҟоу анормақәа рыла анаркотик хьанҭақәа рхышәа-ҵышәа ду ҳәа ишьоуп 0,5 грамм иҳәеит Дбар.

Амчра зауз азакәан иазԥхьагәанаҭоит:

• Закәандарыла аҭиразы аарыхра, аусеиҭадулара, аахәара, аҵәахра, амҩангара рзы - 8-12 шықәса ахақәиҭра амхра аштраф 300 000 - 600 000 мааҭ ацҵаны;

• Ахышәа-ҵышәа ду азы - 12 - 15 шықәса амаҵзура ду аанкылара азин амоура, ма 600 000 нызқь инаркны 1 200 000 мааҭ рҟынӡа аштрафшәара, ма ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра амхра ма шьрала ахьырхәра;

• Анаркотикқәа Аԥсныҟа закәандарыла ралагалара ма ралгара хышәа-ҵышәа дула – 10-15 шықәса ахақәиҭра алхәдатәра, аштраф 300 000 - 600 000 мааҭ ацҵаны;

• Ахышәа-ҵышәа дуӡӡа азы - ԥсраҽнынӡа ахақәиҭра алхәыдатәра ма шьрала ахьырхәра, амазара амхра ацны.

Дмитри Дбар иазгәеиҭеит азакәан апроект ишалагалахо анаркотикқәа рылазырҵәо аҳәсеи зықәра намӡаци рганахьала аԥсахрақәа ыҟоуп ҳәа.

"Аҳәса ԥсраҽнынӡатәи ахьырхәра рықәшәом, урҭ 15 шықәса рҟынӡа рықәырҵоит, зықәҿра намӡац – быжьшықәса", - иҳәеит Дбар.

Адепутат иҳәеит хәажәкыра 4 рзы Апарламент аҿы аилактә зыӡырыҩра иахысхьоу ариашарақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп ҳәа.

2019 шықәса мшаԥымзазы Апарламент ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ариашарақәа ралагалара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0