Аԥсны АКХ аҟны еиҭарҳәеит ахада иалхра аҿҳәара ахыгара аныҟало атәы

© Sputnik ЦИК
ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 2 рзы Аслан Бжьаниа дызҭаз авертолиот Краснодар итәеит. Абри ашьҭахь иара уатәи аклиникақәа руак ахь днаган.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахар аныҟалои ианыҟамлои ртәы.

"Акандидатцәа рыштабқәа аамҭала русура ахьаанкылахаз алхрақәа анырра рырҭом. Агитациатә усура аанкылара иаанаго рколлега Аслан Бжьаниа идгылара, ҳаҭыр иқәҵара ауп", - иҳәеит АКХ ахантәаҩы.

Аслан Бжьаниа алхрақәа ихы изрыламырхәуа иҟалар, АКХ ахь аофициалтә шәҟәы нашьҭтәхоит иҳәеит Гогьиа.

"Арзаҳал иара ихала иҩыроуп, ма уи алхрақәа рылахәразы алшара шимам азы аӡбарҭаҟынтәи ашәҟәы аарышьҭроуп. Убри аан егьырҭ акандидатцәа алхрақәа ҳхы рылаҳархәуам ҳәа рҳәар ауп алхрақәа аныҟамло ма рыҿҳәара ианахыгахо. Кандидат заҵәык даанхаргьы, алхрақәа мҩаԥгахоит", - иҳәеит Гогьиа.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Вертолет санавиации - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа дызҭаз авертолиот Краснодар итәеит

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодарҟа дшиарго азы аҳәамҭа ҟаиҵахьан акандидат иштаб аиҳабы Александр Анқәаб. Иара убасгьы адырра ыҟоуп аштабқәа рагитациатә усурақәа шаанкылахо азы.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови рахь аҳәара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа излалшо ала ацхыраара ирҭарц азы.

Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, апрокурор хада инапы ианиҵеит ахҭыс аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0