Аԥсны амедицинатә гуманитартә цхыраара иаҳәеит

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраамедицинатә гуманитартә цхыраара
амедицинатә гуманитартә цхыраара
 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аган Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит коронавирус хкы ҿыц аҿагыларазы ихымԥадатәиу ацхыраара аиуразы.

АҞӘА, хәажәкыра 6– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аган Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит коронавирус аҿагыларазы амедицинатә гуманитартә цхыраара аиуразы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра амедицинатә аалыҵқәеи ахәышәқәеи рыла реиқәыршәаразы Аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба.

Минздрав Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны коронавирус аҿагыларазы ауснагӡатәқәа еиҳагьы идырӷәӷәоит

"Ҳара аԥыза-министр Валери Бганба иахь аҳәара ҟаҳҵеит Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рахь ашәҟәы ишьҭырц. Уаанӡа аусбарҭабжьаратә шәҟәеимдара акәзар иҟаз, уажәы аиҳабырабжьаратә ҩаӡарала имҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.

Аминистрраҿы иазгәарҭеит иахьазы зыда ԥсыхәа ыҟам, авируси агәаҵәкреи ирҿагыло амедицинатә аалыҵқәа.

"Ҳара иахәҭаны иҟаз зегь аҳарбеит. Коронавирус иадҳәало хҭыск ҟалар, ҳазыхианы ҳаҟазароуп. Уажәазы ҳахәышәтәырҭақәа аамҭалатәи аимҳәа ахәышәтәразы ахәышәқәа рымоуп. Ҳтәылауаа хәыда-ԥсадатәи ацхыраара роуеит", - иҳәоит Ахра Аџьба.

Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Работы в лаборатории  - Sputnik Аҧсны
Ауааԥсыра коронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб аԥҵоуп

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0