Аӡбарҭа Аԥсны ААР уаанӡатәи аусзуҩ иҩнтәы рбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтатуя Фемиды
Статуя Фемиды  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, Анзор Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа, аҩнытә ҭакра рықәҵаразы.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Апрокуратура хада ашьаусҭҵааҩ еиҳабы Адгәыр Амҷба изыҳәа иақәшаҳаҭхеит, Аԥсны ААР уаанӡатәи аусзуҩ Бадри Џьыкырба иҩнтәы рбаандаҩра аҿҳәара иацҵазарц лаҵара 13 2020 шықәсанӡа. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

МВД - Sputnik Аҧсны
Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа аҩнытә ҭакра рықәырҵеит

Заанаҵтәи аусеилыргара аверсиала 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадақәа руак аҿы Оҭар Мирцхәылаа иӷьычра, дшалахәыз азы иҿахәҿыхраан Анзор Ҭарба иԥсҭазаара далҵит.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, абри аус азы ахара рхароуп, Анзор Ҭарба ишьра иалахәуп ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа, аҩнытә ҭакра рықәҵаразы.

Аҩнытә баандаҩра рықәҵан: ашьаусԥшаара Аусбарҭа аиҳабы Бадри Џьыкырба, ихаҭыԥуаҩ Аслан Чедиа, ААР УУР аҟәша аиҳабы Минас Одабашиан, иара уи аусбарҭа аусзуҩ еиҳабы Леван Топуриа.

Ари аус иалахәуп ҳәа агәҩара зызрымоу Витали Кулови, Адгур Аутлеви рганахьала аусҭҵаара напы аркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0