АҶА аминистр: Аҟәа араион аҿы амца мырцәакәа инханы иҟоуп

© Sputnik / Акоп Кущян Лесной пожар
Лесной пожар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, хәажәкыра 6 рзы абнабылрақәа аҭыԥ рыман хә-раионк рҿы: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы. Урҭ абылрақәа ауаҩы инапы иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит АҶА аҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Иахьатәи аамҭазы, Аҟәа араион аҿы мацароуп амцакраҭыԥқәа ахьыҟоу. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

"Сынтәа аԥхьатәи амцакра аҭыԥ аман Очамчыра араион аҿы хәажәкыра 3 рзы. Ҳгәы иаанагон егьырҭ араионқәа рҿы ццакрыла амцакрақәа цәырҵрым ҳәа, аха амш ашоура ахьаҵаз иахҟьаны араионқәа зегь еимҽханакит", - иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа аицәахара зыхҟьаз ауаа рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылқәа, аарыхырҭақәа ррыцқьаразы аҳаскьын ҩа амца ахьацрарҵо ауп ҳәа иҳәеит иара. Аминистр ауаа ргәырҽанырҵоит ас еиԥш хымхәыцрала ахымҩаԥгара ишәарҭоу аҭагылазаашьахь икылнагар шалшо.

Ахәаша, хәажәкыра 6 рзы абнабылрақәа аҭыԥ рыман хә-раионк рҿы: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы. Урҭ абылрақәа ауаҩы инапы иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит АҶА аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0