Sputnik амчыбжь: акоррупциа иаҿагыло ариашарақәа, абнақәа рбылра

© Sputnik / Томас ТхайцукПожары в Абхазии
Пожары в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура  Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит амчыбжь аҩныҵҟатәи ахҭысқәа инарылукааша аматериалқәа. Хәажәкыра 9 - 15 ахҭысқәа Sputnik аматериалқәа рҿы.

Sputnik
Амцакра араионқәа зегьы рҿы

Ахәаша, хәажәкыра 6 рзы абнабылрақәа аҭыԥ рыман хә-раионк рҿы: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра, Гал. Урҭ абылрақәа ауаҩы инапы иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит АҶА аҟны.

Алада Ешыра ақыҭан ацитрустә плантациа абылра иахҟьаны аснариад ԥжәеит

Аԥсны амцакрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит

Аҭагылазаашьа аицәахара зыхҟьаз ауаа рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылқәа, аарыхырҭақәа ррыцқьаразы аҳаскьын ҩа амца ахьацрарҵо ауп ҳәа иҳәеит Аԥсны АҶА аминистр.Аминистр ауаа ргәырҽанырҵоит ас еиԥш хымхәыцрала ахымҩаԥгара ишәарҭоу аҭагылазаашьахь икылнагар шалшо.

Очамчыра араион ақыҭақәа 27 рҟынтәи аԥхасҭа роуит 19.

Атуннель абгара

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи Кәыдрытәи аиҩхааи еимаздо атуннель хышықәса ҵуеит аҭӡы еиҟәшьшьеижьҭеи. Уажәы, хәажәкыра 6 рзы ахәҭак еилаҳаит.

Аԥсны АҶА: Кәыдрытәи аҩхаахь уназго атоннель арктәуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА: Кәыдрытәи аҩхаахь уназго атоннель арктәуп

Ашәахьа, хәажәкыра 9 рзы Кәыдрытәи аиҩхааҿы амҩеи атуннель ахаҭеи рҭагылазаашьа агәаҭаразы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ари аҭыԥ ахь днеит.

"Ари аҭыԥ аԥхьанатә уавсыртә иҟан, аха атуннель иҵегь абгара иацнаҵеит. Кәыдрытәи аиҩхааи уа иҟоу ақыҭақәеи рахь анеира залыршахом даҽа мҩак злаҟам ала. Ус шакәугьы, Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иахь аҳәара ҳашьҭырц ҳгәы иҭоуп атуннель аркызарц", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи Кәыдрытәи аиҩхааи еимаздо атуннель ргылан 1964 шықәсазы. Атуннель бгар алшоит ҳәа ашәарҭара цәырҵит иара убасҟан, аха ари азҵаара аӡбара иагьаламгацызт. Усҟангьы аспециалистцәа атуннель арктәуп ҳәа рҳәахьан, аха ари амҩа ада даҽа мҩак злаҟамыз ала, уи аркра залмыршахеит.

Ааԥхьара зырҭаз уралтәи аспециалистцәа аекспертиза аныҟарҵа ашьҭахь, иазгәарҭеит атуннель шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы амҩанысра зынӡа иаанкылатәхар шакәхо, иагьақәхарџьтәхоит 240 миллион мааҭ.

Амлашьра хыркәшахеит

2020 шықәса, хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Зынӡа имлашьуан хәҩык: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.

Дара дҵаны иқәдыргылоит Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларгаларц.

Народное собрание Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Жәлар реизара адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа аларгалеит

ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа ражәақәа рыла, хәажәкыра 9 рзы 5000 напынҵамҭа еизыргахьан, даҽа 2000 напынҵамҭа атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟны еизгоуп.

Аԥсныҟа иара убас иааргеит Шәачатәи ҳдиаспораҟынтәи анапынҵамҭақәа шәкы.

Хәажәкыра 11 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы амлашьратә акциа мҩаԥызгоз рахь инеит Апарламент адепутатцәа гәыԥҩык.

Адепутатцәа Рауль Лолуа, Лаша Ашәба, Асҭамур Аршба, Гиви Кәарҷиа аҿагыларатә акциа алахәылацәа рахь аҳәара ҟарҵеит амлашьра иаҟәыҵырц, ажәа рырҭеит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа шаларгало азы.

Активистцәа урҭ ражәа иацныҟәаны рымлашьра ааныркылеит.

Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа аларгалеит хәажәкыра 12 рзы.

Апарламентарицәа рыӡбарала ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса/рхацәа, зықәра намӡац/ зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа/раҳәшьцәа рхашәалақәа ашәҟәы иҭаргалалароуп.

Какалиа: адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа алаҳгалоит рҳәеит

Хра злоу ахҭысқәа: Аџьынџьали Габалиеи акоррупциа иазкны

Уажәшьҭарнахыс ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы.

Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Иара убас ардырра иаҵанакуеит:

  • Адекларанти иҭаацәеи ирымоу еиҭамҵуа амазара аобиект ахьыҟоу аҭыԥ;
  • Адекларанти иҭаацәеи ирымоу абанктә ԥхьаӡарақәа рномерқәа;
  • Адекларанти иҭаацәеи ирымоу хәызмоу аметаллқәеи/ма хәызмоу ахаҳәқәеи ирылху аалыҵқәа, аҟазаратә рҿиара иатәу аколлекциақәа, анумизматика, афилателиа, абџьар
  • Адекларант инапынҵамҭа.
  • Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы иӡыргахоит ачынуаа ашықәстәи рхашәалеиԥш абанктә ԥхьаӡарақәа рҿы ирызҭо аԥарақәа.
  • Аҵакы змоу лагаланы иҟалеит ачынуаҩ иеиҭашьақәыргылара азин ыҟамкәа имаҵзура иамхра аԥаршеи дыррақәа рыдигалазар.

"Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуеит официалла ианкьыԥхьха ашьҭахь.

Акоронавирус иаҿагыланы ақәԥара

Аԥсны аамҭала амассатә уснагӡатәқәа раанкылара адҳәалоуп коронавирус ареспубликаҿ алаҵәара ашәарҭаразы.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аамҭала ареспублика аҩныҵҟа аспорттә, акультуратә уснагӡатәқәеи аҳәаанырцә аусуратә ныҟәарақәеи рымҩаԥгара аанкылахарц азы хәажәкыра 11 рзы аусдҵа инапы аҵеиҩит 2020 шықәса мшаԥы 7 рҟынӡа.

Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы амедусзуҩцәа рзы агуманитартә цхыраара ааит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы амедусзуҩцәа рзы агуманитартә цхыраара ааит

Аусдҵа амҩаԥгашьазы ахылаԥшра рнапы иануп: афинансқәа рминистрра, аҵара аминистрра, аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа.

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) иазханаҵеит коронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа. Пандемиа ҳәа иашьҭоуп тәылак ма атәылақәа жәпакы зымҽхазкыз аепидемиа.

ВОЗ аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла коронавирус иахҟьаны иԥсхьеит 4291-ҩык. Зынӡа иара рыхьхьеит 118-ҩык. Авирус ашьҭа рбеит 114 тәыла рҿы.

Аԥсны аҩныҵҟа уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны. Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам - Sputnik Аҧсны
Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа 2020 шықәс ахәажәкыра 14 инаркны иаркызарц.

Акандидат ихынҳәра

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәит Краснодартәи ахәышәәтырҭа дҭыҵны хәажәкыра 14 рзы. Аҳәааҟны идгылаҩцәа напеинҟьарыла иԥылеит.

Иара Аԥсныҟа даанӡа  Москва аиԥыларақәа акымкәа-ҩбамкәа имҩаԥигеит. Уажәшьҭа ара алхратә кампаниа иациҵоит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәит

Аслан Бжьаниа иалхратә кампаниа аанкылан хәажәкыра 2 рзы уи иаалырҟьаны игәабзиара анышьақәҟьа ашьҭахь, Шәачатәи ахәышәтәшырҭақәа руак данҭашәа. Уи амедикаментозтә кома далагаланы Краснодарҟа диаган асанитартә авиациа иатәу авертолиот ала. Уа диагнозс изықәдыргылеит ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Хәажәкыра 10 рзы Аԥсны Апрокуратура хада аҳасабырба ҟанаҵеит ахадарахьы акандидат ахәышәтәырҭа дахьҭашәаз мзызс иҟоу аҭҵааразы имҩаԥыргаз аусқәа рзы.

Ишырҳәаз ала, аҳақьымцәа Аԥсны ахадарахьы акандидат ицәеижь аҟны "адәныҟантәи ашҳамтә нырра аазырԥшуа арбагақәа илам" ҳәа. Апрокуратура адыррақәа рыла, Бжьаниа ичымазара "идикылоз ахәшә ахьинымаалаз ауп изыхҟьаз".

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы кандидатцәас иқәгылоуп Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0