Амилициа иатәу амашьына иеихсит уи азинеилагаҩцәа ианрышьҭаз: ԥшьҩык аанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР аусзуҩцәа азинеилагаҩцәа ианрышьҭала, урҭ арахь иреихсуа иалагеит. Ацәгьоуцәа раанкыларазы аматериал нарышьҭуеит Аҟәа араион апрокуратурахь.

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ауааԥсыра - Аинар Зыхәба, Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба - аанкылоуп амилициа аусзуҩцәа аҿагылара анрырҭа ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы иазгәарҭоит хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш ашьаусԥшааҩцәа рыҽшазыршәаз иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа амилициаа ирықәкны ахысра иалагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа ашьҭазаара иаҿын, уа ианнеизгьы азинеилагаҩцәа амилициа амашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Ршьапы иқәыргылан аусбарҭа аоперативтә еилазаара. Аԥшаарақәа ирылҵшәаны Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны хәажәкыра 12 рзы.

Аамҭақәак рышьҭахь азинхьчаҩцәа иааныркылеит аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 иақәтәаны ицоз Аҟәа ауааԥсыра ԥшьҩык. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Уи абџьар ԥшааны ААР ахь инагоуп: зкалибр 5.45, 7.62 миллиметр ыҟоу Калашников исистема автоматқәа, урҭ рахь апатронақәа 82 цыра, атапанча "Викинг", 9.19 миллиметр зкалибр ыҟоу, уи иатәу апатронақәа 16 цыра, иара убас РГД-5 арҭҟәацга аманы.

Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит аӷьычразы аҽазышәара ашьҭахь амилициа аусзуҩцәа аҿагылара рзызуз ԥшьҩык ауааԥсыра Аԥсны ААР ишааныркылаз азы аинформациа, ирҳәеит урҭ рыбжьара дыҟоуп ҳәа Мизан Зыхәба - Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иалхратә штаб аиҳабы, аполитикатә партиа "Амцахара" Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу арегионалтә ҟәша аиҳабы.

Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа излаиҳәаз ала, Мизан Зыхәба аштаб аиҳабыс дыҟам, уи акандидат иалхратә кампаниа далахәуп ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0