Аԥсны уаҩы иҿаиршәуа акасыш ҿаҳәагақәа рыӡахра иалагоит

CC0 / / Маска
Маска  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иажәақәа рыла, акасыш ҿаршәқәа жә-еиқәҵаракны иҟалоит. Урҭ аԥҭекақәа рҟны ирҭиуа раасҭа акыр еиӷьуп ҳәа ишьоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Акоронавирус алаҵәара аҿагыларазы акасыш ҿаршәқәа Аԥсны рыӡахра иалагоит иҳәеит атәыла аԥыза-министр, ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба хәажәкыра 18 рзы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.

"Еиуеиԥшым ахкқәа зӡахуа цандрыԥшьтәи аиҿкаареи сареи аицәажәара ҳаман. Дара ақәшаҳаҭуп аматериал аахәаны ахаҿ-ҿаршәқәа рыӡахра", - иҳәеит Бганба.

Выборы  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны асанепидемстанциа алхрақәа раан ахымҩаԥгашьазы абжьагарақәа ҟанаҵоит

Иазырхиахо аҿаршәқәа аволонтиорцәа ауааԥсыра ирзыршалоит. Бганба иажәақәа рыла, ахәаша, хәажәкыра 20 рзы раԥхьатәи апартиа алхырҭатә ҭыԥқәа рлахәылацәа ирзеихшахоит.

"Уажәы аматериал аԥшаара ҳаҿуп. Урыстәылантәи аагара мариамхеит, Белоруссиеи ҳареи аицәажәара ҳамоуп", - иҳәеит иара.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, акоронавирус аламырҵәаразы ареспубликатә диспансер ахархәара аҭахоит, изҵаара ҵарны иҟоу ацрыҵқәа ргарҭоуп.

Ари аус аӡбаразы Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аԥаразоужьра азԥхьагәанаҭоит.

"Ҳара иазаҳаӡбеит аимҳәаду ахәышәтәырҭа ауаа рышьҭаҵаразы иазҳархиарц. Шәарҭарак ҟалар – ҳазыхианы ҳаҟазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит афинансқәа реихшараан раԥхьа иргыланы арҭ ауснагӡатәқәа азхьаԥшра шрыҭахо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0