Ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа ирыцҵахоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантин в школах
Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 13 рзы Аԥсны Аҵара аминистрра ақәҵарала ҳтәыла аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшьарамшқәа хәажәкыра 16 - 22 рахь ииаган.

АҞӘА, хәажәкыра 18– Sputnik. Атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба хәажәкыра 18 рзы аминистрцәа реилатәараҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥсшьарамшқәа рыҿҳәара ишацҵахо азы.

Маска  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны уаҩы иҿаиршәуа акасыш ҿаҳәагақәа рыӡахра иалагоит

Макьана аԥсшьарамшқәа рыҿҳәара иахьынӡанахо азгәаҭам.

"Иахьа адҵа снапы аҵазыҩуеит, аха аԥсшьарамшқәа анхыркәшахо аҿҳәара макьаназ ишьақәыргылам. Ачарақәа шәымун ҳәа ауаа исызраҳәом, аха ҳара ҳхы ҳахьчароуп. Адунеи зегьы акоронавирус ацәшәара рымоуп", - иҳәеит иара.

Хәажәкыра 13 рзы Аԥсны Аҵара аминистрра атәыла аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшьарамшқәа хәажәкыра 16 - 22 рахь ииаргеит.

Хәажәкыра 12 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа ареспубликаҿы аспорттә, акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ԥкуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0