Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны ауааԥсыра Урыстәылаҟа имцаларц рабжьнагоит

© SputnikПосольство РФ в Абхазии
Посольство РФ в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Попова арегионалтә мчрақәа рнапы ианылҵеит аҳәаанырцәынтә атәыла иалало зегьы акарантин иаҵадыркырц.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны ауааԥсыра Урыстәылаҟа рцара аамҭала иԥыркырц рабжьнагоит, ареспублика аҩнуҵҟахь COVID-19 алагалара алмыршаразы. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

"Акоронавирус амҽхак ахьарҭбаауа инамаданы, Урыстәыла аҩнуҵҟа зехьынџьара аҳәаанырцәуааи атәымтәылантә иаауа Урыстәыла атәылауааи, Аԥсны ауааԥсырагьы абрахь иналаҵаны, рзы иазԥхьагәаҭоуп акарантинтә уснагӡатәқәа", - рҳәеит Ацҳаражәҳәарҭаҿ.

Иазгәарҭеит инарҭбааны акоронавирустә инфекциазы аинформациа аиура шалшо асаит СТОПКОРОНАВИРУС.РФ аҿы (аҭел: 8-800-200-01-12), иара убасгьы Роспотребнадзор асаит аҟны (аҭел: 8-800-555-49-43).

Уаанӡа Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Попова арегионалтә мчрақәа рнапы ианылҵеит аҳәаанырцәынтә атәыла иалало зегьы акарантин иаҵадыркырц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0