Алхра аламҭалазтәи адебатқәа: Аслан Бжьаниеи Адгәыр Арӡынбеи злацәажәоз

© Foto / скриншот из прямого эфира АГТРКДебаты
Дебаты  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22 рзы Аԥсны аамз рыҩнуҵҟала хынтәны имҩаԥысуеит атәыла ахада иалхрақәа. Ахадарахьы анеира рҽазыршәоит Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

2020 шықәса хәажәкыра 20 рзы Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы имҩаԥысит акандидатцәа рдебатқәа. Адебатқәа цон ҩ-сааҭки бжаки. Убри аамҭазы иҟаз ҩыџьа акандидатцәа ракәын. Акандидатцәа ззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы Sputnik аматериал аҟны.

Sputnik

Аефир иалагеит акандидат Леонид Ӡаԥшьба адебатқәа рылахәхара мап ахьацәикыз ала. Иара астудиа ааныжьны дцеит.

Ӡаԥшьба иҳәеит амҽышазы ажәлар алхра иаша ҟарҵар шакәу, иазгәеиҭеит акандидатцәа изныкымкәа рыпрограммақәа ауаа ишыддырҳахьоу.

"Сара абри аҭыԥ ахь снеирц саҿуп милаҭ рацәала еилоу ҳажәлар еидыскылоит ҳәа агәрагара сыманы. Зегьы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит. Ииашаны сеилышәкаарц сҭахуп. Аслан Гьаргь-иԥеи сареи адебатқәа ҳаицрылахәхахьеит. Уажәы уи игәабзиара уашәшәыроуп. Убри азы агәабзиара изеиӷьашьо абзиараз ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит Ӡаԥшьба.

Амитингқәеи аҿагыларақәеи

Леонид Ӡаԥшьба астудиа анынижь ашьҭахь, иаанхаз акандидатцәа амҩаԥгаҩцәа рызҵаарақәа рҭакҟаҵарахь ииасит. Амҩаԥгаҩцәа азааҭгылан ирҳәеит аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟа атәылаҿ итрадициахеит аиҳабыра рыҩнаԥхьа иааизаны ахада ԥхьатәара дцарц дҵаны ақәыргылара, иазҵааит акандидатцәа абри аҩыза аҭагылазаашьаҟынӡа анамгаразы иҟарҵап ҳәа ргәы иҭоу арбану.

Аԥхьа ажәа згаз Аслан Бжьаниа иҳәеит аполитика иахҟьаны ажәлар реиҟәшара шцо 2004 шықәса раахыс. Иазгәеиҭеит ареспублика аҿиара аиурц азы аилибамкаарақәа шҭышәныртәалатәу.

Бжьаниа иажәақәа рыла, 2004 шықәсазгьы 2019 шықәсазы еиԥш алхрақәа закәаншьаҭала узрывамло имцеит ҳәа.

Акандидат агәра ганы дыҟоуп 2019 шықәса рзы Ҳаџьымба ииааира агәыҩбара амоуп ҳәа. Иара игәаанагарала, акандидат ииааира уи аиԥш цәырнамгароуп. Мчыла амчра анапаҿы аагароуп ажьырныҳәа 9 рзы иҟалаз ахь икылызгаз ҳәа азгәеиҭеит иара.

Абри аус далацәажәо, Адгәыр Арӡынба 2014 шықәсазы иҟалаз ахәшьара аиҭеит, игәалаиршәеит 2016 шықәса рзы Аԥсны ААР ахыбра аҿаԥхьа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа.

Иара иажәақәа рыла, аполитикатә еиҿагылара жәашықәса инарзынаԥшуа аҭыԥ амоуп, изхароуи изхарами рыԥшаарагьы аҭахым.

Арӡынба иҳәеит аиааира игар, Бжьаниа икомандаҟынтәи ауаа аус рыцура дшазыхиоу.

"Ауаа реиҟәшара ҟалом. Уи иашам. Леонид Лакербаиа иқәгыларак аҿы иҳәеит "ҳара ҳада алхрақәа ҟалом" ҳәа. Ари иаанаго еиҟәшараӡами?" - дҵааит иара.

Адгәыр Арӡынба игәаанагарала аиҟәшара зыхҟьо ацәгьа зуз ауаа аҭакԥхықәра иахьаҵагылам ауп.

"Ауаа ус баша ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиӡом. Иназго аӡә дыҟоуп. Досу аҭакԥхықәра имазароуп иҟаиҵо азы" , - иҳәеит иара.

Абри аан аҭакԥхықәра здиҵо аиҿкааҩцәа роуп, урҭ ахара иақәыршәатәынгьы иԥхьаӡоит.

Бжьаниа уи аҭакс иҳәеит ААР аҿаԥхьа аизара аламҭалазы атәыла ахада иахь агәрагаразы ареферендум мҩаԥысраны иҟан, усҟантәи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба инапаҵаҟа иҟаз ауаа шәусура шәамысхуеит ареферендум шәҽалашәырхәыр ҳәа дрықәмақарит ҳәа.

"Иацтәи амш акыгеиԥш ҳакуп. Иҟаз зегь ахәшьара рыҭатәны избоит. Даара исҭахуп ҳазхысхьоу аполитикатә хҭысқәак сгәалашәараҿы иаанымхарц", - иҳәеит иара.

Арӡынба иакәзаргьы, ажьырныҳәа 9 рызтәи ахҭысқәа ахҳәаа риҭеит.

"Ажьырныҳәа 9 рзы иҟалаз ҟалеит. Ҳәарада уахь инеит зегь ззеиԥшмыз ауаа. Аха шәара иара убри ауха ажәлар рахь шәеиза ҳәа ааԥхьара ҟашәҵон. Сара аҽакын шәара шәҟынтәи сыззыԥшыз. Сара асеиԥш иҟоу акциақәа сызрыдгылом", - иҳәеит Арӡынба.

Алхраз азакәан ариашарақәа

Алхратә зин аилкаара апроблема иалацәажәарц аҳәара ҟарҵеит ажурналистцәа, иагьазҵааит акандидатцәа ари апроблема аҭышәныртәалараз иҟарҵо.

Аԥсны ахада иалхразы азакәан ариашарақәа алагалоуп - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ариашарақәа алагалоуп

Арӡынба иҳәеит абри азҵаара аганахьала Алхратә комиссиа хада, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа, Апарламент рахь изныкымкәа азҵаара шынаишьҭхьоу.

"Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ уи ҳара иаҳусым ҳәа рҳәеит, АКХ – Апарламент ишаӡбо рҳәеит. Апарламент ааигәа аилатәара рыман, аха иаламцәажәеит. Аслан Гьаргь-иԥа, шәара депутатк иҳасаб ала – избан ари аус еиҭаҵшьа замам?" - дҵааит иара.

"Абри аганахьала Апарламент аҿы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп. Сара Апарламент аусура сҽаласырхәыртә иҟамызт. Сгәыӷуеит аҩбатәи атур аан абжьқәа рыԥхьаӡара шыҟалаз еиԥш еиҭаҟаларым ҳәа", - иҳәоит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа иара убри аамҭазы алхрақәа ирыдҳәалоу кризиск аҭыԥ амоуроуп ҳәа иазиԥхьаӡоит.

"Уаанӡатәи аԥышәа ҳхы иаҳархәароуп. Ҳзықәтәоу амахә хаҳамҵәароуп", - иҳәеит иара.

Арӡынба иазгәеиҭеит Бжьаниа еснагь аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иашьҭоу иакәны дшыҟоу.

"Абжьыҭира алҵшәақәа ҳадаҳкылоит. Иаҵахаз ҳәа аӡәгьы дҟалом. Ажәлар ҳкоманда агәрагара арҭар, Бжьаниа икоманда иалоу апрофессионалцәа хымԥада иааҳаԥхьоит аицусуразы", - иҳәеит Арӡынба.

Адәныҟатәи аполитика

Аслан Бжьаниа игәаанагарала, ахада аиҳарак аҩнуҵҟатә ҭагылазаашьа арӷәӷәара дазхьаԥшуазароуп, убасҟан ауп егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ҳаназхарҵо.

Бжьаниа игәаанагарала, Аԥсны иахьынӡахәҭоу Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа арҿиом. Ҿырԥштәыс иааигеит аҳәааҿы иҟоу имашәалам аҭагылазаашьа атәы. Уи адагьы атәылахьчареи аҳәаахьчареи рызҵаарақәа рҟны, иара убас амааҭтә зонаҿы ҳахьыҟоу азы Аԥсны асуверенитет ахәҭак Урыстәыла ианаҭеит ҳәа иԥхьаӡоит Бжьаниа. Иара убри аан иҳәеит адәныҟатәи аполитикаҿ аинырра шрымоу.

Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа далацәажәо, Владислав Арӡынба 1999 шықәсазы ииҳәаз ажәақәа ааигеит - еиҿцәажәарала апроблема шыӡбтәу".

Ҳара аиааира згаз гануп. Аԥсны аҵакыратә акзаара аилагара алшом. Убри ҳасаб азуны ахы мҩаԥнагалароуп Қырҭтәыла, амч ахамырхәаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагароуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит раԥхьатәи ахада арҭ ажәақәа аниҳәоз ареспублика амацәаз иҭакны ианыҟаз шакәу.

Иара иҳәеит Қырҭтәыла Аԥсны аекономикатә аннексиа шымҩаԥнаго.

"Қырҭтәыла аус ауеит азакәан "Аоккупациа зызуу аҵакырақәа рзы". Ҳполитикцәа уи еснагь иргәалашәалозароуп. Уи азакәан инақәыршәаны саргьы Аслан Гьаргь-иԥагьы ҳацәгьоуцәоуп", - иҳәеит иара.

Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьазгьы аполитик иоппонент диқәшаҳаҭым. Иара игәаанагарала аҳәынҭқаррақәа еицырыӡбо азҵаарақәа маҷӡам.

"Ҳсуверенитет ахәҭак Урыстәыла иаҳҭеит ҳәа ишәҳәо сақәшаҳаҭым. Урыстәылеи ҳареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрақәа раӷьырак ҳабжьаҳҵеит Багаԥшь ихаан. Уи еиҳагьы ҳсуверенитет арӷәӷәеит. Урыстәыла ҳара ҳастратегиатә партнер ауп. Урыстәыла ацхыраарала, хаҭала - Владимир Владимир-иԥа Путин идгыларала ҳакәшамыкәша иҟоу аҭагылазаашьақәа рылҵшьа ҳақәшәароуп", - иҳәеит иара Аԥсны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи азхаҵара азҵаара далацәажәо.

Аԥыза-министрс иҟаларыда

Анаҩс акандидатцәа дара-дара азҵаарақәа рибаҭо иалагеит. Адгәыр Арӡынба дазҵааит Аслан Бжьаниа аиааира игар, Александр Анқәаб ԥыза-министрс дҟалома ҳәа.

"Сара сыкәшамыкәша иҟоуп ауаа аԥсуа ҳәынҭқарра аргыларазы сидеиақәа сыцеиҩызшо. Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара - ари иреиҳаӡоу идеиоуп", - иҳәеит Бжьаниа, азҵаара аҭак ҟаҵо.

Александр Анқәаб изы иҳәеит аполитикатә мчрақәа акыр уи аԥыза-министр иҭыԥ шидыргалахьаз, убас 2019 шықәса рзгьы Ҳаџьымба усеиԥш ажәадгала шииҭахьаз.

"Шәара ибзианы ижәдыруеит Александр Анқәаб Аԥсны ахада иҭыԥ ааныжьра дшақәшәаз", - иҳәеит Бжьаниа, иагьигәалаиршәеит ацәгьоурақәа жәпакы рзы ахара шидырҵоз, аха урҭ рахьтә акгьы ихаран ҳәа рзышьақәмыргылеит.

"Ҳәарада, Александр Анқәаб аԥыза-министр иҭыԥ ааникылар азин имоуп. Иагьааникылоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Аекономикатә рбагақәа ркаҳара

Бжьаниа Арӡынба дизҵааит 2014-2018 шықәсқәа рзы Аԥсны аекономикатә рбагақәа зеицәахазеи ҳәа. Арӡынба иажәақәа рыла, ара иазԥхьагәаҭатәуп Урыстәыла Аԥсны ианаҭо афинанстә цхыраара.

Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа - Sputnik Аҧсны
Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа

"Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсны азханаҵеит. 2009 шықәса рзы Аԥсны аматериалтә цхыраара аҭаразы адокумент напаҵаҩын. Ари економикатә ҿиаран. 2008 шықәсеи 2012 шықәсеи рбиуџьетқәа ҳрыхәаԥшуазар, ари еизҳароуп. Уи зыхҟьаз Урыстәыла иҟанаҵоз ацхыраароуп 2012 шықәсеи 2014 шықәсеи еиҿҳарԥшуазар, абиуџьет еиҵахеит", - иҳәеит Арӡынба.

2008 шықәса рзы абиуџьет иартәон миллиардки 600 миллион мааҭи, 2012 шықәсазы - 9 миллиардки 786 миллион мааҭи, урҭ рҟынтәи 6 миллиардк – Урыстәыла ацхыраароуп, 2014 шықәсазы - 8 миллиардки 600 миллион мааҭ.

Бжьаниа дазҵааит "Избан Аԥсны зныкгьы Аинвестпрограмма нхарҭәаан ахы изазамырхәаз (2014 – 2019)" ҳәа.

"Аҳәынҭқарра аргылара ацынхәрас аполитика ҳахьадхалацәаз" иҳәеит иара, "аполитика" ахыцқәа ирҭакуа.

Ахадеи апарламенти рзинмчрақәа реихшара

Амҩаԥгаҩцәа ишьҭырхит иахьазы еиҳа излацәажәоны иҟоу азҵаара - ареспубликаҿы амчра амахәҭақәа рыбжьара анапынҵақәа реихшара.

Аслан Бжьаниа аконституциатә реформа аҵак ду аманы иԥхьаӡоит. Иара убас аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә, азинхьчаратә, аӡбарҭатә усбарҭақәа ареформақәа рзутәуп иҳәоит иара.

"Ари аус аҿы апроблема дуқәа ҳамоуп. Ацәгьоурақәа, акоррупциа атәыла ҩнуҵҟала иҭырфаауеит. Ари аҭагылазаашьа аҳәынҭусбарҭақәа русушьа иадҳәалоуп", - иҳәеит иара.

Атәыла ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адыррақәа рыла, Аԥсны аекономика 17% ашәшьыра иҵакуп ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Народное собрание Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Жәлар реизара адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа аларгалеит

Иара игәаанагарала, Ашьаустә закәанеидкыла, Ашьаус-процессуалтә закәанеидкыла аԥсахрақәа рылагалатәуп, адкылара аҭахуп акоррупциа иаҿагылоу азакәанқәа.

Иара убас Иреиҳаӡоу, Абжьаҟазаратә, Аконституциатә ӡбарҭақәа ӡбарҭак аҳәаа иҭакызар ҟалоит иҳәоит Бжьаниа.

"Аӡбаҩцәа руалафахәы акырӡа ишьҭаҳхит, аха русура ахаҭабзиара еиӷьнамтәит. Аиҭакра дуқәа мҩаԥгатәхоит. Уи адагьы административтә пресс рԥсыҽтәуп. Аӡәы иҟаиҵар илшо аӡәырҩы рнапы ианыло иҟамзароуп", - иҳәеит иара.

Уи адагьы, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ахадеи Апарламенти рзинмчра шеихшатәу, убри аан Апарламент аҭакԥхықәрагьы еиҳахароуп иҳәеит ахадарахьы акандидат.

Адгәыр Арӡынба игәаанагарала, ахада Апарламент аҿаԥхьа иҭакԥхықәра иҵегьы иацҵатәуп.

Абра иара игәалаиршәеит аимпичмент азы азакәан. Арӡынба игәаанагарала, закәаншьаҭада ахада далырхзар, Апарламент уи аимпичмент изықәыргыларазы аӡбара аднакылартә иҟаҵатәуп.

"Ауаа реизгарада Апарламент иаӡбо иҟалароуп ари азҵаара", - иҳәеит иара.

Ахыркәшаратә ажәа

Аслан Бжьаниа

Аслан Бжьаниа Адгәыр Арӡынба ҳамҭас ииҭеит аурысшәахь еиҭагоу Миха Лакрба иновеллақәа реизга "Тот, кто убил лань".

"Зегьы сшәыҳәоит аҭынчреи аҽынкылареи аашәырԥшырц. Шәгәы, шәхы шәазыӡырыҩны, алхра ҟашәҵарц. Ҳҭышәынтәаланы арҭ алхрақәа ҳхаагар, ҳауаажәларгьы егьырҭ гәыкала ҳазҭахугьы ҳаргәырӷьоит", - ҳәа иажәақәа хиркәшеит Бжьаниа.

Адгәыр Арӡынба

"Ҳаҭыр зқәу алхыҩцәа, Аԥсны ауааԥсыра, зегьы еилыркаароуп алхрақәа ҳаԥсҭазаараҿы иаҳхагараны иҟоу хҭысны ишыҟоу аилкаара. Ари политикатә шьаҿоуп. Шәара адгылара зышәҭаз акандидат ажәлар реиҳараҩык адгылара ирымҭазар, амбатә ҟалеит ҳәа иазышәымԥхьаӡан. Ари иаанаго аиҳараҩык егьы акандидат далырхит заҵәык ауп. Ари аетап ҳахганы ҭынч ҳаԥсҭазаара иацаҳҵароуп", - иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Аҵыхәтәантәи жәохә шықәса рыҩнуҵҟа еиҳа иаамысҭашәоу алхратә кампаниоуп ҳәа азиҳәеит уажәтәи алхратә аамҭа, Аслан Гьаргь-иԥеи Леонид Иура-иԥеи ҷыдала уи азы ҭабуп ҳәа раҳәо.

"Ҳара пату еиқәҵаны, аҳәынҵәа еигәыдымҭаәалакәа иаҳхаагеит ари акампаниа, наҟ-наҟгьы пату еиқәаҳҵалоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит абас ҳаицәажәартә, ҳгәаанагара, ҳхәыцрақәа ааҳарԥшыртә аҭагылазаашьа ҳазҭаз", - иҳәеит Адгәыр Арӡынба, иажәа хыркәшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0