Алхыҩцәа рзы агәҽанҵарақәа

© SputnikВыборы
Выборы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22 рзы иазыԥхьагәаҭоу ахада иалхрақәа уаҵәы иаашар иалагоит. Абиуллитен ԥхасҭамтәыкәа абжьы шыҭитәу, зыграждантә уалԥшьа назыгӡар зылшо, аҩныҟа абжьыҭирҭа иашьыкь зызнырго, иаиааиз ҳәа ирыԥхьаӡо уҳәа азҵаара рацәа рҭакқәа - Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Дарбан? Иаба? Ианба?

Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада аӡбрала атәыла ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 152 алхырҭатә ҭыԥ рҿы Аԥсны аҩныҵҟа, иара убасгьы атәыла анҭыҵ –Москвеи Черқьесски.

Алхырҭатә округ №6, алхырҭатә ҭыԥ № 4 аатуеит Москва, Донскаиа амҩа, аҩны 18/7, аргылара 1 (аметро Шаболовскаиа) аҭыӡҭыԥ ала.

Алхырҭатә округ №6, алхырҭатә ҭыԥ № 5 аатуеит Черқьесск, Первомаитәи амҩа, аҩны №26 аҭыӡҭыԥ ала.

Международный пресс-центр Центральной избирательной комиссии Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаатит Алхратә комиссиа хада Жәларбжьаратәи апресс-центр

Алхыҩцәа рсиа кнаҳан алхрақәа жәамш шрыгу, иара убри аамҭазы аамҭеи аҭыԥи рзы адырраҟаҵара мҩаԥган.

Аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа алхратә биуллетенқәа рыла еиқәдыршәеит хәажәкыра 20-21, 2020 шықәсазы. Абжьыҭара мҩаԥысуеит хәажәкыра 22, ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны ахәылҩыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Алхратә комиссиақәа ируалԥшьоуп абжьыҭира аихшьаалақәа рзы аԥкаанҵақәа аокруг акомиссиақәа рахь хәажәкыра 22-23 рзы инаргарц. Абри ашьҭахь аҵыхәтәантәиқәа урҭ аԥкаанҵақәа АКХ ахь инашьҭхоит.

Алхрақәа рышьҭахь хымш рыҩныҵҟа азеиԥш еихшьаалақәа ҟарҵоит, аԥкаанҵа рнапы аҵарыҩуеит. Алхрақәа рылкаақәа ртәы акьыԥхь иарбахоит аԥкаанҵа анапы анаҵаҩха ашьҭахь хымш рыҩныҵҟа.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩгьы.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 127 нызқьи 232-ҩык ыҟоуп.

Згәамбзиаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны абжьыҭирахь изымнеиуа уи азы заа, жәамш шыбжьоу адырра ҟарҵар, аҩныҟа ирызнеиуеит алхырҭатә комиссиеи анаԥшцәеи рхаҭарнакцәа.

Уажәтәи алхрақәа европатәи ауаажәларратә наԥшыҩцәа рылахәхаӡом, адунеи аҿы аҭыԥ змоу коронавирус апандемиа иахҟьаны.

Аполитолог Ҳагба: алхрақәа ҭынч имҩасыр, анаԥшыҩцәа рыҟамзаара учҳартә иҟоуп>>

Ахадарахьы ркандидатура ықәгылоуп: Адгәыр Арӡынба (Арда Ашәба), Аслан Бжьаниа (Бадра Гәынба), Леонид Ӡаԥшьба (Виктор Ҳашба). Аҿымҭра амш адепутатцәа иахьаԥырхыз инамаданы алхрақәа рыламҭалазгьы агитациаҟаҵара алшоит.

Алхрақәа вирусда

Аԥсны асанепидемстанциа алхрақәа раан ахымҩаԥгашьазы абжьагарақәа ҟанаҵеит.

Адунеи иалаҵәаз коронавирус аҿагыларазы Аԥсны аҩныҵҟа азыԥхьагәаҭаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара анапы иануп Агәабзиарахьчара аминистрра.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәоит: "Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рыҟны абжьыҭира аламҭалазы адезинфекциатә рыцқьарақәа мҩаԥгахоит. Акомиссиақәа рлахәылацәа ирзоужьхоит акасыш иалху аҿаршәқәа", - ҳәа.

Лиудмила Скорик иазгәалҭоит ауаа рнапқәа еимырымхлар, игәыдеибамкылалар шеиӷьу.

"Иара убасгьы гәыԥ-гәыԥла акәымкәа аӡәаӡәала абжьыҭирҭа уада иҩналалар еиӷьуп. Сара еилыскаауеит зегь шеибадыруа, ишеиуацәоу, аха аҭгылазаашьагьы имариам акәны иҟоуп", - еиҭалҳәоит аҳақьым.

Ауаа реидгәыԥларагьы шәарҭаны илыԥхьаӡоит Скорик.

"Шәаамҭа шәазхәыц. Ауаа рыжәпара шәаламлан. Ишауала ауаа анмаҷу абжьыҭира мҩаԥыжәга", - лҳәоит лара.

Зрители - Sputnik Аҧсны
Аполитикатә бенефис, мамзаргьы анапеинҟьабжьқәа атрышә ахь ииасыр шалшо

Лиудмила Скорик иара убасгьы илҳәеит акыр ишыманшәалоу зыбжьы зҭиуа рхатә ҩыга рымазар.

Аиааиҩы дшалххо

Аԥсны апарламент "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 16 ариашарақәа аланагалеит.

Ариашарақәа рҿы иҳәоуп: "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 16 ахԥатәи ахәҭа харҭәаазааит абри аҩыза аҵакы змоу аԥшьбатәи ахәҭала: "Алхразы абиуллетен аҟны акандидатцәа реиқәыԥхьаӡа анҵәамҭаҿы иарбахоит ацәаҳәа "Зегьы сырҿагылоит" зывараҟны абжьыҭаразы аҭыԥ арбоу. Аԥшьбатәии ахәбатәии ахәҭақәа ахәбатәии афбатәии ҳәа иԥхьаӡазааит".

Жәабранмзазы адепутатцәа алацәажәон "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 адкылашьа аҭышәныртәалара.

"Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан инақәыршәаны, аиааира игеит ҳәа далкаахоит -50%- бжьыки зауз акандидат.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0