АКХ Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа азы раԥхьатәи адыррақәа ҟанаҵеит

© SputnikАКХ Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа азы раԥхьатәи адыррақәа ҟанаҵеит
АКХ Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа азы раԥхьатәи адыррақәа ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абжьыҭаразы азин рымоуп зынӡа 127 нызқьҩык инареиҳаны алхыҩцәа. Убжьы ауҭарц азы атәылауаҩшәҟә ҿыц умазароуп.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. 12:00 сааҭ рзы иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны зынӡа рыбжьы арҭхьеит 23,78% абжьыҭаҩцәа, хыԥхьаӡарала иугозар – 30812-ҩык ауааԥсыра ҳәа адырра ҟарҵеит Алхратә комиссиа хадаҟны имҩаԥысыз абрифинг аҿы.

АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа еиҭеиҳәеит убасгьы, дара рахь ҿырҳәалатәи ашшыԥхьыӡқәа шроуа. Уажәтәи аамҭазы иҟоу ашшрақәа хәба рҟынтәи хԥа рҵаҵӷәы шьақәырӷәӷәамхеит.

Аԥсны ахада иалхрақәа зхы рылазырхәхьоу алхыҩцәа рхыԥхьаӡара
АКХ Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа азы раԥхьатәи адыррақәа ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа зхы рылазырхәхьоу алхыҩцәа рхыԥхьаӡара

Иааидкыланы Аԥсны абжьыҭара азин рымоуп 127 нызқьҩык инареиҳаны алхыҩцәа – абрахь иаҵанакуеит аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа знапаҿы изку зықәра наӡахьоу атәыла ауааԥсыра.

Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәуп хҩык акандидатцәа – Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0