Атепловизор, агәалаҟара бзиа, акаҳуа: Аахыҵ Уаԥстәылатәи анаԥшҩы алхрақәа рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аделегациа, аилазаара "Адемократиеи ажәларқәа рзини" аҳәынҭқарра-лахәылацәа Рпарламентбжьаратә Ассамблеиа аделегациа, Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рҟынтәи - алхрақәа ирылахәуп анаԥшцәа раҳасаб ала.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа анапхгаҩы Алан Џьуссоев арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз алхрақәа ахәшьара рзыҟаиҵеит.

Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа иааит хҩык, дара Аҟәеи Афон Ҿыци алхырҭатә ҭыԥқәа фба ирҭааит.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны апрокуратура хада: алхрақәа еилагарада имҩаԥысуеит

"Ииасыз алхрақәа ирыдаҳкылозар, еиҳа иҭынчроуп, ауаа ргәалаҟазаарагьы еиӷьуп. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны алхыҩцәеи акандидатцәа рҟынтәи анаԥшцәеи ҳареи ҳаицәажәон, акаҳуадагьы афатә-ажәтә ҳадыргалеит", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит алхыҩцәеи, акомиссиақәа рлахәылацәеи, акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәеи рахьтә аӡәгьы акы дахашшаауа ҳамбеит ҳәа.

Џьуссоев иазгәеиҭеит абжьыҭаразы агәаранқәа џьара-џьара ишыҟаз.

Анаԥшцәа иазгәарҭеит, акоронавирус инадҳәаланы Аԥсныҟа ааразы ашәарҭара шыҟаз, аха ара имҩаԥысуа ахҭысқәа еиҳа аҵакы рыманы ишырбаз.

Асанитартә маҵзурақәа рабжьагарақәа рацәак ишрықәымныҟәогьы азгәеиҭеит анаԥшҩы.

"Ирацәамызт амедицинатә сабрадақәа ныҟәызгоз. Ҳаргьы иҳадыргалеит, аха мап ацәаҳкит", - иҳәеит Џьуссоев.

Ԥсоу аҳәаа ахысразы Аахыҵ Уаԥстәылантә анаԥшцәа ԥырхага рмоуит. Акарантинтә пункт аҿы ршоура ршәеит уа иқәыргылоу атепловизор ала.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0