Аԥсны АКХ заанаҵтәи алаҳәарақәа ҟанаҵоит хәажәкыра 23 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента в Абхазии
Выборы президента в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абжьыҭара ахьымҩаԥысуаз алхырҭатә ҭыԥқәа 154 зегьы русура ааныркылеит асааҭ 20:00 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада иалхра аихшьаалақәа мҩаԥгахоит ашәахьа, хәажәкыра 23, асааҭ 11:00 рзы ҳәа.

Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хыркәшоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хыркәшоуп

Иара иазгәеиҭеит зыбжьы зҭииз ирҿырԥшны алхрақәа мҩаԥгахеит ҳәа ишшьо. АКХ ахь иарбанызаалак шшыԥхьыӡык нашьҭымызт.

АКХ азы иофициалтә документны ишьоуп алхырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи адокумент иашаҵәҟьақәа.

Убри аан рхатәы ԥхьаӡарақәа мҩаԥыргон аштабқәа, урҭ реихшьаалақәа уаха ирыларҳәар ҟалоит.

Хәажәкыра 22 асааҭ 18:00 рзы 58,85% алхыҩцәа рыбжьы рҭиит (77573-ҩык).

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0