Аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡар, ма алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ишымҩаԥысзи, алхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа рышьҭахь акандидатцәа рхымҩаԥгашьеи, ажурналист изы амчра ҿыц иаҵанакуеи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡар, ма алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ

Ихыркәшахеит жәеиза мзы иҳалагьежьуаз Аԥсны ахада иалхрақәа ирыдҳәалаз ахынҭаҩынҭаратә политикатә цәаҳәа. Иахазаҵәык, алхрақәа рышьҭахьтәи аҵх ҭынч.

Избан сыздыруам, аха 2004 шықәса раахыс апрезидент иалхрақәа аԥсреи абзареи рҳәааҿы ҳгылоушәа, ҳара-ҳара ҳӷыӷеибаго ҳҟанаҵоит.

Зрители - Sputnik Аҧсны
Аполитикатә бенефис, мамзаргьы анапеинҟьабжьқәа атрышә ахь ииасыр шалшо

Иҿыцу ҳәынҭқарроуп, уи акәзар, апрезидент иалхра ныҳәак аҳасабала иҳадкыланы, иааиз инаидныҳәаланы ҳаҩныҟақәа рахь агьежьра заҳцәыуадаҩхаз? Абарҭ ахҭысқәа рҿы аполитикцәа еиҳарак иаларгало ахархьуаа роуп, нас алхарақәа рышьҭахь зхы иазаанрыжьуагьы дара роуп.

Иацгьы абжьааԥнеиԥш, адәахьы ҭынчразаргьы, асоциалтә ҳақәа рҿы аҵәеилаҵара шымҩаԥысыц ицон. Алхрақәа рылҵшәақәа ааигәахацыԥхьаӡа, адгылаҩцәа ршьақәыӷәӷәара шаҳаракхоз мӡакәа ирҳәон.

Асааҭ 10 инархысуаны алҵшәақәа рцәаара ҳнахьыԥшуа ҳалагеит. Аштабқәа иаарыцҳауан ркандидатцәа ироуз арбагақәа. Аамҭа акыр инҭагьалахьан, Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа аиааира шигаз анеилкааха. Алхратә комиссиа хада иахьа иҳаланаҳәеит иҵыхәтәантәим адыррақәа, аофициалтә дыррақәаҵәҟьа уаҵәоуп ианҳарҳәо, аха зегь акоуп 2020-тәи алхрақәа рылҵшәа уажәшьҭа еилкаауп ҳҳәар ауеит, 99 нызқьҩык злахәыз алхрақәа рҿы, 56% рҟынӡа иманы аԥхьагылара игоит Аслан Бжьаниа, уи иоппонент хада Адгәыр Арӡынба - 35,44%, Леонид Ӡаԥшьба - 2,22%.

Инықәырԥшны иҟоу абарҭ ацифрақәа аштабқәа ианҳаларҳәа ашьҭахь, уажәшьҭа скомпиутер сырцәап, акәаԥ ргылоуп анысгәахәуаз, феисбуктәи адаҟьаҿы сылаԥш иааҵашәеит иџьашьахәыз видео нҵамҭак. Алхратә кампаниаҿы зегь реиҳа иқәыԥшыз акандидат Адгәыр Арӡынба ивагылаз иҩыза Арда Ашәба дицны, аиааира згаз Аслан Бжьаниа иштаб иаҭааит. Ари сыззыԥшыз акәмызт, алхрақәа ршыкьымҭаз Арӡынба "сара саҵахар, иаиааиз идысныҳәалоит" ҳәа шиҳәахьазгьы, асҵәҟьа зажәа назыгӡо политикхап сгәахәуамызт. Алхрақәа идыркараз ауаа ари ахҭыс ахә ҳаракны иршьеит, ахә ршьеит иара убас Бжьаниа иштаб аҿгьы.

© Акоп Кущян, Адгур АрдзинбаАлҵшәа бзиа ҟаларц: Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи рнапқәа еимырхит
Аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡар, ма алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ - Sputnik Аҧсны
Алҵшәа бзиа ҟаларц: Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи рнапқәа еимырхит
Аибашьра ашьҭахьтәи ҳалхрақәа рҭоурых ҳазхьаԥшуазар, иахьа уажәраанӡа, абас абырсааҭк иалагӡаны аоппонент аиааира згаз акандидат идиныҳәало сымбацызт. Егьырҭ ҳалхрақәа ҳалаԥш рхаҳгозар, аҭыӡшәеи, аҳәынҵәеигәыдҵареи, аӡбарҭеи, алабеилаҵареи уҳәа, хҭысс иаанамгац акгьы ыҟамызт. Урҭ рышьҭахь иахатәи аҵх иалагӡаны акандидатцәа реиҭанеиааира лакәҵас иубаратәы иҟоуп. Аполитикахь идәықәлаз ауаҩы аинышәареи аиҿцәажәареи дырзыхиамзар, уи ԥеиԥш дук иоуам.

Иахатәи аҭынчра ашьҭахь, ицәырҵит агәыӷра, аринахыс апрезидент иалхра аицәгәышра амҩахь ииасрым, аԥхьагылара зауа иоппонентцәа неины идырныҳәало иҟалар алшоит ҳәа. Ари абжьарак адунеи зырӡыӡо агәыргьынвирусгьы (акоронавирс - аред.), издыруада, аҭра иҭалар, избанзар ауаа рацәа реизгара, реилаҩҩра иара аҿиаразы иманшәалоу ҭагылазаашьоуп. Ҳарҭ аԥсуаа уи ачымазара акашәа имбакәоуп акандидатцәа рԥыларақәа ҳҽыргәылажьны ҳхы шымҩаԥааго, убри аҟынтә, ари авирусгьы ҳара ҳахь имыкшакәа аҽааннакылар алшоит иахатәи аҵх иаҳзаанагаз аҭынчра ашьҭахь.

Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара

P.S: Алхрақәа рылҵшәа анаҳдырдыруаз, ари аколонка автор илхыҵит 57 шықәса. Иагьмаҷым иагьырацәам, убри аҟынтә, ажурналист лаҳасабала, избоит ишысзаатуа даҽа даҟьак, даҽа темақәак. Дасу иара иус даҿызар шьахәуп, насоуп аԥсҭазаара ҭышәынтәаланы ианыҟало.

Аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ишәыдысныҳәалоит Аԥсны ахада иалхрақәа уаҟьанчаҟьанда рымҩаԥысра, иара убас иалырхыз Аслан Бжьаниа дызлацәажәоз ареформақәа рынагӡара илшарц азы алшара иоурц изеиӷьасшьоит. Зегь ргәы иақәшәо ҟазҵода, аха аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡаргьы, ауаажәларра уи гәарымҭарц залшарым. Уажәазы иргылоуп алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ. Ҽаанбзиала!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0