АКХ: Аслан Бжьаниа Аԥсны ахадас далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПервые официальные результаты выборов президента в Абхазии
Первые официальные результаты выборов президента в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22 рзы Аԥсны ахада иалхрақәы хыркәшахеит. Аслан Бжьаниа иштаб иара уи аухаҵәҟьа иофициалтәым аихшьалақәа рыла аиааира шыргаз азы адырра ҟанаҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада алхрақәа ирызку раԥхьатәи аофициалтә еихшьалақәа ҟанаҵеит. Урҭ инарықәыршәаны, аиааира игоит 56% абжьы зауз Аслан Бжьаниа ҳәа Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟынтә адырра ҟаҵеит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Ашәахьа ашьыжь азы иҟоу адыррақәа рыла, абжьқәа абас еиԥш еихшахеит:

• Аслан Бжьаниа - 56,5%

• Адгәыр Арӡынба - 35,42%

• Леонид Ӡаԥшьба - 2,22%

Ардзинба поздравил Аслана Бжания с победой  - Sputnik Аҧсны
Иаҵахаз дҟалаӡом: Бжьаниеи Арӡынбеи еидныҳәалеит

Аԥсны ахада иалхрақәа хыркәшахеит иацы асааҭ 20:00 рзы. Ауаа рааирала алхрақәа шышьақәгылаз атәы еилкаахеит иацы 18:00 сааҭ рзы иҟаз ахыԥхьаӡарала – 58% алхыҩцәа рыбжьы рҿтихьан абри аамҭазы.

Алхрақәа иофициалтәым реихшьала ҟанаҵеит иаха Аслан Бжьаниа иштаб. Урҭ рыла, Бжьаниа аиааира игоит ҳәа алҵуан 58% раҟара абжьқәа иманы. Абри заатәи аихшьала дақәшаҳаҭхеит Адгәыр Арӡынба, иара хаҭала иконкурент ииааира идиныҳәалеит иштаб аҟны днеины.

Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны имҩаԥысыз ахада иалхрақәа абыжьбатәиқәоуп. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан хҩык акандидатцәа – аоппозициатә блок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" аԥыза Леонид Ӡаԥшьба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу атәылауаҩ, зхы иақәиҭны зхатәы бызшәа зҳәо, қәрала 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам. Аӡәы ҩынтә иреиҳаны еиқәырццакны атәыла ахадас аҟалара азин имам. Аԥсны ахада дицалырхуеит уи ихаҭыԥуаҩгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0