Гәдоуҭа дшьуп Аԥсны Афырхаҵа Валериан Аиба

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция мигалка
Милиция мигалка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валериан Аиба дшьын хәажәкыра 23 рзы, ашьыжь, Гәдоуҭа иҩны аҿаԥхьа. Ашьра ҟазҵаз ацәгьоура аҭыԥ аҟынтә дыбналеит.

АҞӘА, хәжәкыра 23 – Sputnik. Гәдоуҭа араион апрокуратура  ашьаусҭҵара хацнаркит Аԥсны Афырхаҵа Валериан Аиба ишьра инадҳәаланы ҳәа адырра ҟҵоуп Апрокуратура хада асаит аҟны.

Ауаҩшьра ҟалеит иахьа ашьыжь, асааҭ 09:00 рзы, Аиба Нарҭаа рымҩала игылоу иҩнаҟынтә машьынала дандәықәлоз аамҭазы. Макьаназы ишьақәыргылам абџьар ала иеихсраан иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Иҟалаз ацәгьуоразы ашьаусҭҵаара хацыркуп, изакәантәымкәа ахысга абџьар аҵәахреи ауаҩшьреи астатиақәа рыла.

Аусҭҵаара инапы ианҵоуп Гәдоуҭа араионтә прокуратура аусҭҵааҩ.

Валериан Аиба – Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран, Асоциалисттә џьа афырхаҵа, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу ахеилак х-ааԥхьарак рдепутатс иҟаз, "Ахьӡ-аԥша" арден II-тәи аҩаӡара занашьоу Ҳақыбеи Аиба диԥоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0