Ҿыц иалху Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара арыцхә алкаауп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнаугурация
Инаугурация  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахада имаҵура аҵагылара ацеремониа азакәан инақәыршәаны имҩаԥысроуп Алхратә комиссиа хада аихшьаалатә ԥкаанҵа анапаҵаҩра анымҩаԥнагалак инаркны 30-тәи амш азы.

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа аинаугурациа анымҩаԥысуа арыцхә рылеиҳәеит аҩаша, хәажәкыра 24 рзы имҩаԥысыз ипресс-конференциаҟны.

"Ҳара излаҳаԥхьаӡаз ала, аинаугурациа мшаԥымза 23 рзы имҩаԥысроуп", – иҳәеит Бжьаниа.

Азакәан инақәыршәаны, ахада аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥигоит. Аилатәараҟны рнапынҵақәа рышьҭаҵаразы аӡбра рыдыркылоит.

лонгрид инаугурация - Sputnik Аҧсны
Алхаршьҭахьтәи аамҭақәа: ахада иҭоубашьҭаҵара, Аминистрцәа реилазаара аԥхьатәара

Абри ашьҭахь хымз рыҩнуҵҟа аԥыза-министр ҿыц ихьӡ рҳәоит. Аԥыза-министр ахада идигалоит Аминистрцәа реилазаара ҿыц.

Убри амҭа аҟынӡа уаанӡатәи аԥыза-министри егьырҭ аминистрцәеи доусы рнапынҵақәа нарыгӡалоит.

Алхратә комиссиа хада аҵыхәтәантәи аихшьалақәа ҟанаҵеит аҩаша, хәажәкыра 24 рзы. Иааидкыланы алхрақәа рҟны рыбжьы рҭиит 95109-ҩык ауааԥсыра.

Иофициалтәым адыррақәа алхрақәа анымҩаԥыс аухаҵәҟьа иӡырыргеит Аслан Бжьаниа иштаб аҟны. Урҭ инарықәыршәаны, Бжьаниа аиааира игон 58% инарықәырԥшны абжьқәа иманы. Абарҭ адыррақәа дрықәшаҳаҭхеит Адгәыр Арӡынба, иара хаҭала Аслан Бжьаниа иштаб аҟны дааны иааира идиныҳәалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0