Имцуп: Агәабзиарахьчара аминистрраҿы акоронавирус иазку ауҳәан-сҳәан аҿаԥырҽит

© Sputnik / Томас ТхайцукМинздрав Абхазии
Минздрав Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акоронавирус макьана уаҩы идбалаӡам, ауаа ари аҿкы рацәыхьчаразы аусқәа мҩаԥгоуп: аҵаратә усбарҭақәа аркуп, аспорттә, акультуратә-массатә усмҩаԥгатәқәа аԥыхуп.

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзураҟны ҩаԥхьа имцуп ҳәа ахырҳәааит Аԥсны акоронавирус ԥшаауп ҳәа игәароу ауҳәан-сҳәан.

"Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра амедицинатә усбарҭақәа зегьы есымша ирымадоуп, гәылрыԥшьтәи аимҳәацәгьаҽацәахьчаратә диспансергьы уахь иналаҵаны. Акоронавирус зыдбалоу ачымазцәа ҟалар, ари ахәышәтәырҭаҿы дара ирызку агоспиталь аартхоит. Аха арҭ ауҳәан-сҳәанқәа ҵаҵӷәыдоуп, изыршаҳаҭуа ҳәа егьыҟам", – рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Хәажәкыра 24 рзы Аԥсны ҩаԥхьа ауҳәан-сҳәанқәа гәарарҵеит акоронавирус зыхьуа ауаа ыҟоуп ҳәа. Асоциалтә ҳақәа рҿы еимырдон аудио-бжьынҵа, ҩыџьа атәымуаа аинфекциатә хәышәтәырҭахь инагоушәа, уаҟа акоронавирус шрымоу шьақәдырӷәӷәазшәа.

Кабмин совещание по коронавирусу  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны асанепидстанциа зеиԥш ҟамлац ала акоронавирус аҽацәахьчатәуп ҳәа абжьгара ҟанаҵоит

Абри аҩыза адырра ауаа ирыларҵәан хәажәкыра 13 рзгьы. Усҟан зхаҭара шьақәыргылам аԥҳәыс илҳәоит атәылаҿы акоронавирус иахҟьаны иԥсхьоу шыҟоу, аҵыхәтәантәи аԥсра Агәыӡератәи ахәышәтәырҭаҿы иҟалазшәа.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы иаҿаԥырҽхьан Очамчыра 23 шықәса зхыҵуа аҷкәын акоронавирус иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит ҳәа ицәырҵыз аинформациа.

Уи адагьы, ауаа рыбжьара иҟаз ауҳәан-сҳәанқәа иреиуан Аԥсны аҳәаахьчаҩцәа аҵарҭыша ганы, хәажәкыра 1 инаркны мшаԥымза 7-нӡа Аԥсны алалара азин зымху атәымтәылауаа аҳәаа иахыргоит ҳәа. Абри аинформациагьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы иаҽаԥырҽит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0