Ачарақәа, аҵара, аџьармыкьа, атранспорт: акоронавирус аҽацәыхьчаразы адҵа ҿыцқәа

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантин в школах
Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иусқәа назыгӡо Валери Бганба ихантәаҩрала аҩаша, хәажәкыра 24 рзы имҩаԥысит ауааԥсыра акоронавирус аҟынтәи рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада иусқәа назыгӡо Валери Бганба ауааԥсыра акоронавиурстә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы ауснагӡатә ҿыцқәа рзы адҵа инапы аҵаиҩит.

Хәажәкыра 25 асааҭ 24:00 инаркны мшаԥы 7, 2020 шықәсанӡа иҟалом амассатә, акорпоративтә (агәырӷьаратә) усмҩаԥгатәқәеи ачарақәа ахьыруа ахыбрақәа русуреи.

Валери Бганба излазгәеиҭаз ала, ауааԥсыра рыцхыраарада ҳаԥхьа игылоу апроблема аҿагылара уадаҩхоит. Иара агәынамӡара ааирԥшит шьоукы-шьоукы иҟоу ашәарҭара иазымхәыцкәа зқьы-зқьи бжаки ауаа ираҳәаны ачара дуқәа ахьыруа.

Хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7-нӡа иҟалом:

  • Аԥсны аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атәылауаҩра змам аҳәаанырцә тәылауаа аекскурсиатәи атуристтәи хықәкы рыманы атәылахь ралалареи, иара убас аекскурсиа ҳасабла арахь атранспортқәа раареи;
  • абаџьдатә хәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәа (диути-фри) русура;
  • ауаажәларратә крыфарҭақәеи, Аҟәеи Аԥсны егьырҭ араинқәеи рҟны аџьармыкьа хадақәеи, амаҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи русура;
  • ауаажәларратә транспорт аныҟәара, убри аан ахәаахәҭырҭақәа азин рымам зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа рыхә ашьҭыхра, афатә, ахәыҷқәа рзы атауарқәа, ахәшәқәа, амедицинатә маругақәа, адезинфекциатә маҭәашьарқәа, ауаҩы ихтәы ҽыхьчагатә маҭәарқәа убрахь иналаҵаны;
  • афитнес-центрқәа, аспорт залқәа, афизиотерапиа асалонқәа (spa-салонқәа).

Ахәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа иара убас мшаԥы 7-нӡа ирыцҵоуп, уахь иаҵанакуеит ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа, ахатәтәра аформа иахьмырԥшкәа, арҵаратә кружокқәа, аспорттәи акәашаратәи секциақәа, ашколтә ҵаратә усбарҭақәа.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара - Sputnik Аҧсны
Аҭакԥхықәра аарԥштәуп: Аҟәа ақалақьтә еизара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи иаарту аинститут, иара убас абжьара-профессионалтә ҵаратә усбарҭақәа рҟны мшаԥы 7, 2020 шықәсанӡа иаанкылоуп аҵаратә процесс.

Хазы адҵаҿы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь хәажәкыра 25 асааҭ 24:00 инаркны мшаԥы 7, 2020 шықәсанӡа анаҩстәи адҵаԥҟақәа алагалоуп:

  • аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура, Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭқарратә инспекциа, Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура, Астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи гәаҭареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа русура аанкылазааит;
  • Аԥсны АҶА аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны еиҿнакаароуп уахи-ҽни иҷаԥшьало АҶА Амедицинатә усбарҭа абригадақәа, иаҭаххозар Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра Амедицинатә усбарҭеи Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аусбарҭақәеи русзуҩцәа адгаланы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра анаҩстәи адҵақәа аҭоуп:

  • акоронавирустә инфекциа COVID-1 иадҳәалоу асимптомқәа, апрофилактика, уи аԥырҟәҟәааразы ианаамҭоу инагӡатәу аусқәа рзы ауааԥсыра адырра рыҭаразы аусура аиҿкаара;
  • акоронавирустә инфекциа COVID-1 имоуп ҳәа агәҩара зызрымоу апациентцәа иалкаау амедицинатә усбарҭақәа рахь риагаразы амедицинатә цхырааразы иҷаԥшьо абригадақәа уахи-ҽни русура аиҿкаара;
  • акоронавирустә инфекциа COVID-1 рымоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәахо ачымазцәа ҟалар амедицинатә усзуҩцәа иҟарҵаша рдырыртә еиԥш разыҟаҵара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Асанитартә ҳақьым хада, Аҟәеи араионқәеи рсанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа ирыдҵоуп:

  • ирӷәӷәатәуп ахәаахәҭырҭақәеи, ауаа рнырхарҭақәеи (асасааирҭақәа, аԥсшьарҭаҩнқәа, уб.иҵ.), алабораториатә диагностика аобиектқәеи русура асанитар-епидемиологиатә хылаԥшра;
  • еиҿкаатәуп ауаа рацәа зҭаауа аҭыԥқәа апрофилактикатә дезинфекциа рзура.

Ацентртәи аҭыԥантәии аҳәынҭқарратә наԥхгараҭаратә усбарҭақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, анаплакқәеи аиҿкаарақәеи, амчратәи азинхьчаратәи, агәабзиарахьчаратәи асоциалтәи, амашәыр-еиқәырхаратәи акоммуналтәи усбарҭақәа аламҵакәа, рнапхгаҩцәа идыркьаҿроуп иахьынӡауа русзуҩцәа русурҭақәа рҟны раангылара аамҭа руалафахәы рзааныжьны хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7, 2020 рҟынӡа.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, Аԥсныҟа акоронавирус ааир, Аԥсны ишазымхо ахәышәтәырҭақәа, аматериал-техникатә база, ахәшәқәа, ахыхьчагатә маҭәахәқәа. Амедицинатә усбарҭақәа рзы ирмазеиу арезервқәа ачымазара анҳалаҵәалак ирлас инҵәоит, аныхгатә материалқәа, амаругақәа, атест-системақәа рыԥшаара уадаҩхоит. 

Аԥсны иахьазы акоронавирус зыхьуа ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам.

Ажәабжьқәа зегьы
0