Акоронавирус аҿагыларазы аԥара азоужьхоит Аԥсны ахада ирезервтә фонд аҟынтәи

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление масок
Изготовление масок  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иусқәа назыгӡо Валери Бганба хәажәкыра 25, 2020 шықәса рзы иҟаиҵаз адҵала Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистрра иаԥшаар ауп атәылаҟны акоронавирустә инфекциа COVID-19 алаҵәара аҿагыларазы иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа рзы аԥара.

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Атәылаҟны акоронавирустә инфекциа COVID-19 алаҵәара аҿагыларазы  иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа рзы аԥара Афинансқәа рминистрра иазоурыжьуеит ахада ирезервтә фонд аҟынтәи, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Саид Гәбаз. 

"Акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы аԥарашәарақәа мҩаԥгахоит ахада ирезервтә фонд иҟынтәи, мамзаргьы абиуџьет аҟны даҽа хырхарҭақәак рахь зхархәара азгәаҭаз аԥарақәа ари апроблема аӡбарахь ииаганы", - азгәеиҭеит Гәбаз.

Иара иажәақәа рыла, макьана еилкаам аҿагыларатә усура шаҟа ԥара аҭаххо.

Аԥсны ахада иусқәа назыгӡо Валери Бганба аҩаша, хәажәкыра 24, 2020 шықәса рзы инапы аҵаиҩит акоронавирустә инфекциа COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы ауснагӡатә ҿыцқәа рзы адҵа. 

Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Ачарақәа, аҵара, аџьармыкьа, атранспорт: акоронавирус аҽацәыхьчаразы адҵа ҿыцқәа

Уи инақәыршәаны хәажәкыра 25 асааҭ 24:00 инаркны мшаԥы 7, 2020 шықәсанӡа иҟалом амассатә, акорпоративтә (агәырӷьаратә) усмҩаԥгатәқәеи ачарақәа ахьыруа ахыбрақәа русуреи.

Иара убас иҟалом абаџьдатә хәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәеи (диути-фри), ауаажәларратә крыфарҭақәеи, аџьармыкьа хадақәеи, амаҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи русура. Абри аамҭазы ахәаахәҭырҭақәа азин рымам зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа рыхә ашьҭыхра, афатә, ахәыҷқәа рзы атауарқәа, ахәшәқәа, амедицинатә маругақәа, адезинфекциатә маҭәашьарқәа, ауаҩы ихтәы ҽыхьчагатә маҭәарқәа убрахь иналаҵаны.

Ауаажәларратә транспортгьы аныҟәара иаҟәыҵуеит хәажәкыра 27 инаркны.

Уи адагьы хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7-нӡа иҟалом Аԥсны аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атәылауаҩра змам аҳәаанырцә тәылауаа аекскурсиатәи атуристтәи хықәкы рыманы атәылахь ралалареи, иара убас аекскурсиа ҳасабла арахь атранспортқәа раареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0