Аԥсны акарантин аамҭазы Аҵәахырҭатә банк аусушьа

© SputnikСотрудники Сбербанка в масках
Сотрудники Сбербанка в масках  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк абанкоматқәа зегьы аԥкыратә уснагӡатәқәа раан аус шыруц ируеит.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аусура аграфик ԥсахуп аԥкратә уснагӡатәқәа инарыдҳәаланы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит "Аҵәахырҭатә банк" аоперациатә усбарҭа анапхгаҩы Милена Аӡынԥҳа.

Абанк аус аулоит асааҭ 9:30 - 13:00 рзы. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк абанкоматқәа зегьы аԥкратә уснагӡатәқәа раан аус шыруц ируеит.

Убри аан абанк ахь инеиуа аусуҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵатәхоит.

"Иалкаауп знапынҵақәа назыгӡалаша аусзуҩцәа. Абанк аҩнуҵҟа аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара иахьынӡалшо еиҵаҳтәуеит. Урҭ рзы антисептикқәа, анапҭарԥақәа, асабрадақәа аахәоуп. Дара аԥара аус адызуло роуп. Дара еиҳа ашәарҭара иҭагылоуп аԥара рнапаҿы еснагь иахьыҟоу азы", - лҳәеит лара.

Азԥхьагәаҭаратә усқәа аҭааҩцәа рганахьалагьы иазгәаҭоуп. Абанк иҩнало зегьы ршоура ршәоит, даргьы ахыбра ианыҩнало антисептик рнапы иахьыршьроуп.

"Аҭааҩцәа ҳрыҳәоит ҳабжьгарақәа азхьаԥшра рырҭарц. Уи даргьы ҳаргьы ҳахьчоит", - лҳәеит Милена Аӡынԥҳа.

Абанк, Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵа инақәыршәаны, абри арежим ала мшаԥы 7 рҟынӡа аус аулоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0