Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿгьы акоронавирус здырбало ачымазцәа шьҭарҵалоит

© Фото : Рада АжибаГудаутская больница
Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аус зуа аинфекциатә корпус 70-ҩык рҭыԥ амоуп, иаҭахны иҟалозар - егьырҭ аҟәшақәагьы адгалахоит.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа акоронавирустә ҿкы COVID-19 зыхьуа рзы ирезервтәу госпитальхоит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра.

Люди в масках на рынке  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аџьармыкьақәа зегьы адыркуеит акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит ахаша, хәажәкыра 25 рзы. Иалацәажәеит акоронавирустә ҿкы COVID-19 зыхьыр зылшо ачымазцәа рыдкылара аҽазыҟаҵара.

Аҳәынҭқарратә аимҳәацәгьаҿагыларатә диспансер аҟынгьы ҩажәа палата азылхуп акоронавирус зыхьуа рыхәышәтәразы.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит Аҟәеи иара убас Аԥсны араионқәа зегьы рҿы ишаԥҵоу аҳақьымтә бригадақәа, уҩны иааины ацхыраара узҭаша. Аусбарҭа убасгьы ааԥхьара ҟанаҵеит ауаажәларратә, аҿартә еиҿкаарақәеи астудентцәа рхеилакқәеи рахь ацхыраара ҟарҵарц атәыла ауааԥсыра акарантин иазку аинформациа рыҭараҿы, аҿкы чымазара аҽацәыхьчра шымҩаԥгатәу, ацхыраара ахьурҭаша ахәышәтәырҭақәа ахьыҟало уҳәа рзеиҭаҳәарала.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус аӡәгьы идбалаӡам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: 

Ажәабжьқәа зегьы
0