Москвеи Ҭырқәтәылеи иҟоу аԥсуа диаспора ирыҳәоит ахәшәқәа раахәараҿы ицхыраарц

© Sputnik / Томас ТхайцукАптека
Аптека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус алаҵәара ашәарҭа иахҟьаны Аԥсны адезинфекциатә маҭәашьарқәеи аҿаршәқәеи разымхара ыҟоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара ргәы иҭоуп Москвеи Ҭырқәтәылеи инхо аԥсуа диаспора рахь аҳәара ҟарҵарц ахәшәқәеи ахыхьчагатә маҭәашьарқәеи раахәараҿы ицхырааразы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа.

Иара иажәақәа рыла, ақалақь ахадара аус руеит убасгьы адезинфекциатә маҭәашьарқәа еизакны раахәареи ауааԥсыра аҿкы аҽацәыхьчара шаҭаху азы адырра рыҭареи аганахьала.

"Зеиԥш ҟамлац аҭагылазаашьа ҷыда ҳалаҳәахар, ҳара иҳамоуп зуалԥшьа иаҵагыло аҳақьымцәа хәыда-ԥсада акрырҿаҵареи аӡыржәтә рызнагареи иазыхиоу абизнесуаа", – ҳәа ациҵеит иара.

Кәарҷиа иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра иаланагалаз аԥкрақәа Аҟәатәи афатә-ажәтә ҭиирҭа адәқьанқәа шаҵанамкуа.

Посольство РФ в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа атуристцәа ацхыраара рынаҭалоит

"Ауааԥсыра фатәыда иаҳзааныжьӡом. Иҟалап, ахәаахәҭырҭа дуқәа рҟны аахәаҩцәа рҭалареи рҭыҵреи иацклаԥштәхар. Абри аганахьала аусура ҳалагар ҟалап. Убасгьы русура еиԥҳарҟьом афатә анагара зылзыршо анаплакқәа. Анага-аагаҩцәа аҿаршәқәа рыла уҳәа рхы рыхьчалар рылшоит", – иҳәеит иара.

Кәарҷиа ишазгәеиҭаз ала, Аҟәа ахадара афинанстә шәарақәа зегьы аамҭала иааннакылеит, аусзуҩцәа руалафахәы ада.

"Ауаа руалафахәы ҳамшәар ҟалаӡом. Аха аусурақәа зегь аанкылахар, усҟан аагарҭагьы ҳауӡом, ауаа ашәахтәқәа ршәалаӡом. Уажәазы иҳауз азыҳәақәа зегьы аамҭала иаанкылоуп. Аҭагылазаашьа еицәахар, иҳамоу ахарџь зегьы ахәшәқәа раахәарахь иҳашьҭуеит", – иҳәеит иара.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аусмҩаԥгатә ҿыцқәа рзы адҵа инапы аҵаиҩит аҩаша, хәажәкыра 24 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0