Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа акоронавирус иазку аҭелтә еимадара аусуразы: ауааԥсыра ргәы ҭымҟьарц

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус азы ажәлар ирызцәырҵуа азҵаарақәа рзы Аԥсны аус ауеит иҷыдоу аҭелтә цәаҳәа, уи адгылара арҭеит ауаажәларратә еиҿкаарақәа "Кьараз", "Ашана", Аурысқәа рхеилак. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьал.
Џьынџьалԥҳа акоронавирус азы аҭелтә цәаҳәа аусуразы: ауааԥсыра ргәы ҭымҟьарц

"Ҳволонтиорцәа аҭел ахь иасуа азҵаарақәа рҭак ҟарҵалоит, ауааԥсыра ргәы ҭымҟьарц, рхы шымҩаԥгаша рарҳәаларц, аҿкы чымазара ауаҩы ишизцәырҵуа, ус еиԥш рымазар иахьцаша, абри ауп аинформациа еиҳарак ирҭаху. Агәыҭҟьара ыҟоуп ауаа рыбжьара, ҳәарада, ауаа зегьы еиԥшӡам, иҟоуп даара ҭынч аинформациа зыдызкыло, иҟоуп иаҳа инарҭбааны аинформациа зҭаху. Абас еиԥш иҟоу аҭел ҷыдақәа даара ицхыраагӡоуп, ас еиԥш аинформациа адунеи амаассатә-информациатә хархәагақәа рыла иануаҳауа аамҭазы ухы шымҩаԥгатәу уздырӡом. Знык уеимсаргьы абжьааԥны хьаас иҟаумҵозар, ари аҭагылазаашьаҿы иаҳа иҵаулоу аҟазшьа амазар ҳәа ухәыцуеит. Убри аҟнытә даара цхыраара дууп иҷыдоу аҭелқәа ахьыҟоу, ҳаргьы уи аус аҿы ацхыраара ахьраҳҭо ҳазгәдууп", - ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Аҿкы чымазара азы азҵаарақәа змоу зегьы асыр рылшоит абарҭ аҭел аномрқәа рахь:
+ 7 940 995 02 07;
+ 7 940 773 50 50;
+ 7 940 711 30 77;
+ 7 940 935 30 71,
+ 7 840 229-44-00.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0