Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа

© Foto / Мухаммед ЧкуаМуҳаммед-Иасер Чқәуа иҭаацәеи иареи
Муҳаммед-Иасер Чқәуа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи зҭаацәа зманы Аԥсныҟа нхара иааз Муҳаммед-Иасер Чқәуа изку анҵамҭа шәыдылгалоит ажурналист Cырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.
Аҽны амш бзиан, амра каххаа иԥхон. Иаасгәалашәеит, ааигәа Агәыӡера аҳаблаҿы инхо ҳџьынџьуаа рынхашьа-рынҵышьа збап, саарыҿцәажәап ҳәа гәҭакыс иҟаҵаны санырҭаа, ирасҳәахьаз: "Иаарласны сеиҭашәзаауеит",- ҳәа. Ус иагьыҟасҵеит, сҩыгеи сыбӷьыци аашьҭыхны ҩаԥхьа срызцеит сасра. Аҩнеихагыла саназааигәаха, абар, усҟан ҭырџьманра сзызуаз Шьамтәылантәи иааны зыԥсадгьыл аҿы инхо, араҟа абжьаратә школ аҟны аҵара зҵо Асинаҭ Лышәԥҳа дахьсықәшәаз. Лара илықәлаз ҭыԥҳакгьы длыдгылан. Урҭ адәаҿы иҟаз аӡымҩангагаҟынтә аӡы атара иаҿын. Санаарыдгыла, гәыблыла иаасгәыдсыҳәҳәалан аԥсшәа расҳәеит, исзымдыруаз аҭыԥҳагьы дызусҭаз еилыскааит, Асинаҭ ланшьа иԥҳа лакәзаарын, игәырӷьаҵәа исарҳәеит лара лҭаацәагьы Шьамтәылантәи иаақәаз ишреиуаз.

© Foto / Сырма АшубаЧқәуа Муҳаммед-Иасер Абдулла-иԥа иҭаацәеи ажурналист Сырма Ашәԥҳаи.
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа - Sputnik Аҧсны
Чқәуа Муҳаммед-Иасер Абдулла-иԥа иҭаацәеи ажурналист Сырма Ашәԥҳаи.

Хымԥада, агәаҳәара аасырԥшит арҭ аҭаацәа лабҿаба избарц, срыҿцәажәарц. Аха, уаанӡа сгәы иҵхоз азҵаара рысҭеит: "Избан, аӡы арантәи изыжәго?"- ҳәа. "Аӡы азы ҳахьынхо аҩны маҷк ауадаҩра амоуп, ҽынла иҳамаӡам",- рҳәеит аҭыԥҳацәа. Уи зымҩа инумыжьша зҵаароуп аӡы аҟамзаара, насгьы есҽны уи аҩыза аҭагылазаашьа уанақәшәо. Аҭыԥҳацәеи сареи ҳшеицәажәоз машьына дук ааҳадгылеит, хаҵак дааҭыҵын ҳашҟа иҿааихеит. Аԥсшәа неибаҳҳәеит, уи сзабадырыз Дуа Чқәуа лаб иакәзаарын. Сызусҭаз наиасҳәеит, хықәкыс исымоугьы иеилсыркааит, ҳаиҿцәажәара мап ахымҳәаакәа дақәшаҳаҭхеит, аурысшәа цәгьамкәа иҳәон, аԥсышәалагь ажәақәак шидыруаз саиҳәеит, аха ҩ-бызшәак еидкыланы рҵара шымариамзгьы назгәеиҭеит. Аҭырџьманра аус азы сеиҵахомызт, аҭыԥҳацәа сааигәа иҟан, ҩызарагьы сзыруан.

Бырзадж Маршан - Sputnik Аҧсны
Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

Зыӡбахә сымоу Чқәуа Муҳаммед-Иасер Абдулла-иԥа, хҩы ихшара иманы 2013 шықәса рзы Шьамтәылантәи Аԥсныҟа дааит. Иԥшәмаԥҳәыс ҟабарда ҭыԥхауп. Усҟантәи аамҭазы ирацәаҩын Шьамтәыла ицоз аибашьра иалҵны зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иаақәаз ҳџьынџьуаа. Дара изларҳәо ала, ҳазҭагылоу аамҭазы рџьынџь дгьыл аҿы рхы иахашшаауам, рҽаршьцыланы, рнапаҟны иааиуа уск ыҟазар рхы мшаҭакәа аус руеит, рыхшара ныҟәыргоит.

"Сара сыхшара Агәыӡератәи абжьаратә школ ахь иныҟәоит. Аиҳабы Аммер ихьӡуп, ажәабатәи акласс аҿы дтәоуп, аӡӷаб Дуа захьӡу аабатәи акласс аҿы, аиҵбы Аҳмед ахәбатәи акласс аҿы. Аиаша шәасҳәоит, сара сгәы азҳауеит схәыҷқәа зегь раԥхьа иргыланы аҭынч жәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаара ахьымҩасуа, насгьы рыԥсадгьыл аҟны рҩызцәа реиԥш иахьеизҳауа, рхатәы бызшәала иахьцәажәо, сгәы иаанагоит раԥхьаҟа иҵегьы аԥеиԥш бзиа роуп ҳәа", - азгәеиҭеит Муҳаммед ҳаиҿцәажәараҟны.

Муҳаммед-Иасер Чқәуа Шьамтәылантәи Аԥсныҟа данаауаз ицааит иара иани иаби. Иаб 2014 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит. "Аԥсны баны дыԥсгәышьеит", - иҳәеит ҳаиҿцәажәара иацҵауа.

© Foto / Сырма АшубаЧқәуа Муҳаммед-Иасер Абдулла-иԥа
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа - Sputnik Аҧсны
Чқәуа Муҳаммед-Иасер Абдулла-иԥа

"Сара фҩык аиҳәшьцәа сымоуп, руаӡәк дызмоу Лышәбоуп, Шьамтәылантәи ҳаицааит арахь, саҳәшьа лҭаацәеи лареи сзыҩноу аҩнаҿы инхоит, ҳаигәылацәоуп, аҭырџьманра ҟазҵо аҭыԥҳагьы лара дылтәуп, саҳәшьа ԥшьҩык ахшара дрануп. Сан лакәзар лгәы лырҿыӷьуам, лыхшара днаҳалс-ааҳалсны ҳалбоит, иҟоуп аҳәаанырцәгьы инхақәо, уахь данцалогьы. Уажәы сан Аԥсны дыҟаӡам, Америка лыԥҳа длысасуп, лаара ҳазыԥшуп", - иҳәеит Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ.

Хҩык ахшара раб, аҭаацәа реиҳабы Муҳаммед-Иасер аус иуеит Ачадара, аԥенџьырқәеи ашәқәеи ахьыҟарҵо ацех аҟны. Дтәаӡам, ибаҩ дацәаашьом, ибзианы еиликаауеит ҭаацәара дук рныҟәгара шымариам. Уи аҽны Муҳаммед ихшара аҩны иҟан, ҳшеицәажәоз иԥеиҳабгьы днаҳахьӡеит. Акыр ҳаидтәалеит, ҳагәҭыхақәа еибаҳҳәеит, азныказы иааԥхашьазаргьы, нас ҳаишьцылеит. Аҷкәын аиҵбы иҳәеит аматематика амаҭәар бзиа ишибо, ашьапылампыл ахь дышныҟәо. Аӡӷаб лакәзар, аҵара дацәаашьом, еиҳаракгьы абызшәақәа рҵара дазҿлымҳауп. Муҳаммед иԥшәмаԥҳәыс ҟазшьала даара дҭынчуп. Иубаратәы иҟоуп ан лыхшара нап рыдкыланы, дрыхӡыӡаауа ишылааӡо.

Маан Самер - Sputnik Аҧсны
Самер Маан: ҳабацәеи ҳабдуцәеи ирхыргаз аҩыза уаҳа аԥсуа жәлар ирԥеиԥшымхааит

"Ҳара аҭаацәараҿы ахшара рацәа ҳазҳауан, аӡәи-аӡәи пату еиқәаҳҵон. Саҳәшьцәа руаӡәк Нальчик дынхоит, сашьа аӡәы Иорданиа, даҽа хҩы саҳәшьцәеи ҩыџьа сашьцәеи Шьамтәыла иаанхеит. Сара схәыҷқәа сыманы сҭаацәа рбара сыҟан, ааигәоуп Шьамтәылантәи исыманы санаа. Уаҟа иџьасшьаз, схәыҷқәа ирыдызбалаза акы ыҟоуп: зынӡагьы ирҭахымызт уа аҟазаара, "Аԥсныҟа ҳанбацои?"- ҳәа уажәы-уажәы исхьынҳалон. Ус акәзар, рыԥсадгьыл агәыбылра ркит, игәхьааргоит",- лҳәеит хҩык ахшара ран Самаҳ Ибраҳим.

Муҳаммед-Иасер излаиҳәо ала, адыга бызшәа бзианы ирдыруеит, Шьамтәыла ианыҟаз ирҵеит, иахьынхоз рқыҭагьы Кунеитра ахьӡын, адыга қыҭан. Иҟан еилаԥсаз аԥсуа-адыга қыҭақәа, иара убас аԥсуа қыҭа цқьақәагьы. Кавказ амилаҭқәа зегьы рнапы еикәыршаны, ҳаҭыр еиқәҵаны еицынхон.

"Аԥсны аҳәынҭқарра акыр ахаҵгылара ҳарҭеит, ҭабуп ҳәа расҳәоит. Аԥсҭазаараҿы уадаҩра ахьыҟам ыҟаӡам, аха урҭқәа уҽрыумҭароуп. Аибашьра араҟагьы ишәхыжәгахьеит, ҳарҭгьы уа ҳала иабаз рацәоуп. Еиҳау иарбан насыԥу, ухшара рыԥсҭазаара ашәарҭа ишҭагылам анудыруа, насгьы рыԥсадгьыл аҿы ианынхо. Ҳабацәа, ҳабдуцәа ирхыргаз аҭоурых иадыруеит, салаланы исҳәарым. Аԥсуаа уаҳа ҳгәы казыжьша Анцәа ҳақәумыршәан, аҿар аԥеиԥш бзиа рыҭ!"- ҳәа игәазыҳәарақәа ҳзеиҭеиҳәон Муҳаммед-Иасер.

Ииашаҵәҟьаны, акыр агәахәара снаҭеит абас еиԥш зхы-згәы иақәгәырӷьо аҭаацәа сахьрықәшәаз, ҳахьеибадырыз, ҳахьеицәажәаз. Акыр еигәырӷьаны исарҳәеит агәылацәеи дареи реизыҟазаашьа шыбзиоу, ԥынгылас аиҳабацәа азныказы абызшәа амдырра роузаргьы, маҷ-маҷ аҵара ишаҿу. Аха, дара излазгәарҭо ала, уи азҵаарагь ӡбоуп, ашколқәа рахь иныҟәо рыхшара џьара акы ахьырзеилымкаауа ирзеиҭаргоит, аҭырџьманра рзыруеит.

© Foto / Сырма АшубаАжурналист Сырма Ашәԥҳаи Агәӡера инхо ҳџьынџьуаа гәыԥҩыки
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа - Sputnik Аҧсны
Ажурналист Сырма Ашәԥҳаи Агәӡера инхо ҳџьынџьуаа гәыԥҩыки

Чқәуаа рҭаацәеи сареи гәыблыла аԥсшәа еибыҳәаны ҳанеиԥырҵуаз аамҭазы, абар, адәаҿы зыуаҩыбжара акыр инҭысхьоу Мамун Маан сылаԥш ахьынаиқәшәаз, акыр шықәса раԥхьа Шьамтәыла саныҟаз ҳаибадырхьан, Аԥсныҟа данааҵәҟьазгьы ҳаиқәшәахьан, ҳаиҿцәажәахьан, аха уижьҭеи аамҭа маҷымкәа ицеит. Снаизааигәахан аԥсшәа наиасҳәеит, сааигәыдиҳәҳәалеит.

Амра каххаа иԥхаӡа ишыԥхац иԥхон, адәаҿы игылаз атәарҭаҿы ҳнеидтәаланы аицәажәара ҳналагеит. Уи анаҩстәи жәабжьуп, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, лассы уи иазку анҵамҭагьы шәыдызгалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0