Алхрақәа ртәыла…

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Жәлар реизарахь иҟаларан иҟоу алхрақәа рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

"Ихыркәшоуп Аԥсны ахада иалхрақәа, оф, гәышьа" ааҳҳәоны, ицәырҵит аиааира згаз ирыдгылоз адепутатцәа анагӡаратә мчы ашҟа ицар, иҭацәуа адепутатцәа рҭыԥ азы алхарақәа рымҩаԥгара ишалаго азҵаатәы.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аполитик ииҳәаз абжа-еиҭабжа наигӡар, ма алхратә кампаниа ашьҭахьтәи акәаԥ

Ишаҳдыруа еиԥш, атәыла ахадас иалху Аслан Бжьаниа ддепутауп, иара убас, уи аԥыза-министрс зыӡбахә иҳәаз Александр Анқәабгьы ддепутатуп. Азакәан инақәыршәаны, дара рдепутаттә ҭыԥқәа ааныжьны анапхгарахь ианцалак ашьҭахь, АКХ алхрақәа аҽазыҟаҵара иалагароуп, избанзар Жәлар реизара адепутат истатус иазку азакәан 4-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, иара азин имоуп заа инапынҵақәа рааныжьра.

Анаҩсан, Жәлар реизара ирыланаҳәоит иҭацәыз алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы алхрақәа. Макьаназы, ҳара иаҳдыруа ҩ-ҭыԥк ҭацәыр шалшо ауп, аха ари алхратә кампаниаҿы еикәагьежьуаз адгылаҩцәа-адепутатцәа баша иааԥсарымызт, урҭ рахьтә ԥыҭҩык ачынтә портфельқәа раҿа ианылашт, убри аҟынтә, ҳгәы злазҩо ала, хәба, ма фба депутатә ҭыԥқәа ҭацәыр алшоит.

Иабаҳԥырхагоу ари? Акы, ҵыхәаԥҵәара змам алхрақәа ажәлар ршьара иқәнарҟьоит, насгьы афинанстә уадаҩрақәагьы ҳзаанагоит. 2019-тәи апрезиденттә алхрақәа Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ирыхҭынҵан 15 миллион, уажәтәи аиҭалхрақәа ракәзар 8 миллионк рҟынӡа ныхуп. Иаҳҳәап, хәба-фба ҭыԥ рҿы аиҭалхрақәа аныҟала, миллионки аашә мааҭи рҟынӡа ахарџь аҭахуп. Ажәакала, акыр имаџьаноу ҳбиуџьет ҳахасуеит, даҽакала иаҳҳәозар, иҳамам аԥара аныхра ҳаҿуп.

Адепутат истатус ҭаҳҵаауазар, иамхра азин алхҩы имам, насгьы, уи ааныжьны чынуаҩра данцо азы далызхых рызҵаарагьы аҭахым. Абас иҟоуп иахьатәи ҳзакәан.

Ишыжәдыруа еиԥш, адепутатрахь акандидатцәа иалырхаанӡа, аҭыԥ аҿы инхо ауааԥсыра агәра ддыргоит, иалхырхыр, иреиӷьу азакәанқәа шрыдыркылало, уи ауаа рсоциалтә ԥсҭазаара анырра шанаҭо азы. Аамҭак азы, ауаажәларра ашәҟәқәа рыҩуан Жәлар реизара адепутат имоу альготқәа рӷьырак имхразы, иаҳҳәап имаҷым итәанчахәы, зыхә маҷым амашьына уҳәа "Адепутат истатус азы азакәан" 19-тәи ахәҭаҷ инаркны а-27–тәи аҟынӡа ашәахтәшәаҩцәа рыбзоурала изыԥҵәоу абзазарақәа.

Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара

Ари азакәан бзианы издыруа ибарҭоуп, ҳдепутат акыр дшыхьчоу, илакьысра шыҟамло, ацәгьара иургьы имандат аанкылара даара имариам акы акәны ишыҟоу азинхьчаратә усбарҭақәа рзы. Уи азы хара ицатәым, уаанӡатәи адепутат Нодик Кәыҵниа иҭоурых уи бзианы ишьақәнарӷәӷәоит.

Хыхь зыӡбахә сымаз ауаажәларра рышәҟәы Апарламент ашҟа ишышьҭызгьы, хаҵгылара дук амоуит, избанзар уи зыриашарц зыхәҭоу дара адепутатцәа роуп. Нас изҭахыда альготқәа мап рыцәкра? Акырынтә сазхәыцхьеит, Аԥсны Жлар реизара истатус иазку азакәан аҿы иалагалазарц, адепутат чынуаҩра ацара азин имызхуа ахәҭаҷ, избанзар аԥсҭазаара ишаҳнарбо ала, алхыҩцәа ргәыӷрақәа иреижьаны иаанхоит, иалырхыз ачынуаҩратә мардуан аҳаракырақәа рахь даҿалоит далызхыз зынӡагьы дырзымҵаақәа.

Абасала, апрезиденттә алхрақәа ҳрылгазаргьы, ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп иҭацәу адепутаттә ҭыԥқәа рзы алхратә еиндаҭлара ҿыцқәа, ажәлар уи қьарс ирзалоузеи ҳамҳәозар.

Дырҩагьых абиуџьеттә ԥара ныхра, дырҩагьых аоппонентцәа реибаррахарақәа уҳәа, игәыԥҵәагаз алхрақәа ирыцҵахоит.

Автори аредкциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0