Афонд "Кьараз" зматериалтә лшара лаҟәу рзы зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа еиднакылалоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродажа куриных яиц в регионах России
Продажа куриных яиц в регионах России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд иаԥнаҵеит иара анапаҵаҟа иҟоу аҭаацәарақәа рзы арезервтә афатәаалыҵтә ҵәахырҭа.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" алаҳәара ҟанаҵеит акарантини аҭагылазаашьа ҷыдеи русураан зматериалтә лшара лаҟәу рзы афатәаалыҵи зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи рзеидыркыло ишалагаз азы.

Еидкылоу аалыҵқәа аҭаацәарақәа ирзеихшахоит аиҿкаара иамоу асиақәеи ауааԥсыра рҟынтәи ироуа арзаҳалқәеи инарықәыршәаны.

Афонд иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит ареспублика ауааԥсыра рзы аинформациа-рккаратә усура. Абри аус иадрыԥхьалоит аволонтиорцәа.

Агәыҳалалратә фонд еиҭахгьы аҳәынҭқарратә мчрақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит социалла зҭагылазаашьа уашәшәыроу атәылауаа ишалшо ала ацхыраара рырҭаларц.

Аԥсны акоронавирус аҽацәыхьчаразы иалагалоу аԥкрақәа ртәы шәахәаԥшырц ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0