COVID-19 аҿагыларазы: Москватәи аԥсуа диаспора ацхыраара ҟарҵоит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото.аԥара
архивтә фото.аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҿагыларазы Аԥсны иацхраауа аоперативтә штаб аԥҵоуп Москва, аԥсуа диаспора раԥшьгарала.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Москватәи аԥсуа диаспора алаҳәара ҟанаҵеит Аԥсны ацхыраара аҭаразы аԥареизгаразы. Абри атәы аҳәоит адиаспора асаит аҟны.

"Ҳара ҳџьынџьуаа зегь шәахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ишәылшо ала ацхыраара ҟашәҵарц, ҳгәыӷуеит напеилаԥсала авирус Аԥсны аҵакырахь анеира алҳаршарым ҳәа", - аҳәоит ааԥхьара атекст аҿы.

Адиаспора ахы иаднаҵоит еизырго аԥарақәа рхырхарҭа иаартны алацәажәара. Афонд ахь аԥара аиагара алыршашьа атәы адиаспора рсаит аҿы убар ауеит.

Уаанӡа ишазгәаҭаз ала, адиаспора рахь Аԥснынтәи аҳәара нашьҭын ахәшәқәеи амедицинатә техникеи раахәараҿы ацхыраара рурц азы.

Аԥсны хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа акоронавирус алаҵәара алмыршаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0