Даԥсыуаҵәҟьан, аҳәатәи аҳәашьеи дақәшәон: Владимир Агрба игәалашәаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Агрба
Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алитератураҭҵааҩы, жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Владимир Бабахь-иԥа Агрба. Уи дигәалаиршәоит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ииз Аԥсны аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа литератураҭҵааҩы, жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгаҩ, Аԥсни, Урыстәылеи, СССР-и Рышәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Владимир Бабахь-иԥа Агрба ишьҭа Аԥсны аҭоурых наӡаӡа иазынижьит.

Владимир  Агрба - Sputnik Аҧсны
Владимир Агрба: аҧсуара иамоу агьама мыӡроуп

1943 шықәса рзы Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратә школ дҭалеит, анаҩс 1950 шықәса рзы иҵара иациҵеит Тамшьтәи абжьаратә школ аҟны. Усҟантәи аамҭазы ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз ахынҭаҩынҭарақәа Владимир Агрба акыр инырит. Аҩбатәи акласс аҿы дыштәаз аԥсышәала аҵара азин рымхны, ақырҭуа бызшәахьы ииаргеит аҵара. Иара иҵарагьы хиркәшеит 1954 шықәса рзы.

Максим Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит. Аамҭаказы аус иуан Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны.

1965 шықәсазы далгеит Москва ақалақь аҟны Адунеитә литература аинститут аҟны иҟоу аспирантура. Шықәсык уи ҵхьаны ихьчеит акандидаттә диссертациа "Аԥсуа поезиеи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭеи" атемала.

Шықәсқәак рышьҭахь аусура далагеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны, 1968 шықәса инаркны аҭҵаарадырратә усзуҩыс дыҟан, 1975 шықәса инаркны - аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, 2012 шықәса инаркны Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага ҳәа дыҟан.

Иҭҵаарадырратә ус инаваргыланы, Владимир Бабахь-иԥа аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара еснагь агәҭаҵәҟьа дгылан, ижәлар рхьаа ихьаан, рзинқәа дырзықәԥон. Абар иара ихаҭа иԥсҭазааратә мҩазы ииҳәахьаз ажәа:

"Сара сызлаҽхәаша ҳәа акгьы ыҟам ҳәа исыԥхьаӡоит. Санҿаз исылшон иҵегь еиҳаны иҟасҵарц, аха иамуит, избанзар арҿиара аасҭа еиҳаз аус саҿын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара саамҭеи сымчи ақәсырӡуан. Аԥсадгьыли ажәлари рзы ақәԥара аҭахын. Сҩызцәеи сареи ари ахықәказы акыр аус аауит. Анцәа иџьшьаны, зегь маншәалахеит, араҟа ҳаԥшәымацәоуп ҳәа иахаԥаны иҟаз иахьа рыӡ-рыԥсӡы ааҩуам. Ҳара ихьыԥшыму ҳәынҭқарроуп – уи сгәы иахәоит", — иҳәон Агрба.

Аҵарауаҩ гәыблыла дигәалаиршәоит Аԥсны Жәлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа.

"Иахьа даараӡа иуадаҩу аамҭа ҳҭагылоуп, алымшара аамҭа, "аӡәи-аӡәи иааигәаны шәеидымгылан, шәнапқәа еимышәымхын" ҳәа, анырҳәо аамҭа (акоронавирус алаҵәара ашәарҭара аныҟоу аамҭа - аред.). Абас еиԥш иҟоу амшқәа рзы Владимир Агрба, ҳҩыза гәакьа иԥсра, иҟамзаара ҳарҭ еиҳагьы игәнаҳгеит, еиҳагьы игәхьааҳгеит. Аиҳабацәа абра аҩны ҳахьтәоу алаӷырӡ каҳаԥсоит, иашҭа иқәҳаԥсоит, иҳаҭгәын иқәҳаԥсоит Вова Агрба. Иара иаҟара Аԥсынра иахаҵгылахьадаз, аҩызцәа-ақәлацәа ирхаҵгылахьадаз?.." - игәи-илаӷырӡи еилаҵәо дҳацәажәон ашәҟәыҩҩы Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Владимир Агрба акыр аҭҵааратә усумҭақәа инапы иҵижьхьан. Д. Гәлиа, Ж. Ачба, Г. Чачба, С. Ҷанба, М. Лакрба, К. Чачхалиа, Б. Шьынқәба, Ан. Аџьынџьал, М. Миқаиа, Р. Лашәриа, Е. Ажьиба, И. Ҳашба, Г. Кәыҵниа уҳәа рырҿиара иазкны ашәҟәқәа аԥиҵахьан, алитература-фольклортә еимадарақәа ахҳәаа рзиухьан. Иҩымҭақәа акьыԥхь рбахьан ажурнал "Алашара" аҟны, иара убас Аԥсуаҭҵааратә институт аҭыжьымҭақәа рҟны, егьырҭ апериодикатә кьыԥхьқәа рҟны.

Шьалуа Ҵәыџьба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыбжьара, итәоу рахьтә арымарахьала аҩбатәи. - Sputnik Аҧсны
Владимир Агрба: Шьалуа Ҵәыџьба дрызхәымжәеит, даԥсыуа патриот дуун

"Ԥсреи бзиареи ахаан ирыгымхацыз ауаҩы, аҵыхәтәантәи имшқәа раан инаскьагара иагымхар ауам. Вова Агрба ҳлитература еиҳа ианышьақәгылоз, еиҳа абаҩхатәра ҟаимаҭқәа аналанагалоз 60-тәи, 70-тәи ашықәсқәа раан дцәырҵит зыхшыҩ ҵарыз, зажәа нагаз уаҩԥсны, ҳлитература иаԥхьоз, издыруаз иакәны. Ҳажәлар рҳәамҭақәа ихәнацәак реиԥш идыруан. Ҳажәлар рҳәамҭақәеи ҳлитературеи еидкыланы, Б.Шьынқәба инаиркны, Д. Гәлиа инаиркны, И. Коӷониа инаиркны аӡәаӡәала дрыхцәажәахьан", - ҳәа азгәеиҭеит Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Абаҩхатәра ду змаз, зыхшыҩ ҵаулаз, зылаԥш ҳәаа ҭбааз Владимир Бабахь-иԥа Агрба ҳауаажәлар рыгәҭа дгылан, аҳәатәи аҳәашьеи дақәшәон, иажәа акрыԥхылнадон, даԥсыуаҵәҟьан, инагаз уаҩԥсын.

"Аԥсҭазаара ас еиԥш иҟоу аусқәа рыла ихыркәшахом ахаан, сара исыздыруам абас еиԥш иҟоу ауаа, алитература здыруа, иаԥхьахьо, нахьхьи-аахьхьи ауаа зырҳахьаз, инагаз алитератураҭҵааҩцәа ангыло, аӡәымкәа-ҩыџьамкәа ианеиҵагыло. Уи аамҭа еиҳа-еиҳа инаскьоушәа збоит, сгәы сажьозаргьы, сажьааит. Вова Агрба ишәҟәы-ибыӷьшәы, иҭҵааратә усумҭақәа, ҵҩа змамыз истатиақәа, иҩызцәа-иқәлацәа, иеиҵбацәа ирзикхьаз иажәа, урҭ уаҩ дызхыло, акы ҭызҵаауа, акы зҳәарц зҭаху дзырманшәало, дымҩақәызҵо ажәақәоуп", - иҳәеит ашәҟәыҩҩы.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Агрба адраматург Самсон Ҷанба изкны: иҩымҭақәа аԥсуа хьтәы фонд иаҵанакуеит

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 50 шықәса раахыс аус азызухьо Владимир Бабахь-иԥа Агрба иԥсҭазаара иалҵра акыр ихьааны ирыдыркылеит хаҭала иара дыздыруаз, иҩымҭақәа ирыԥхьахьаз, ихшыҩ ҵаула зыгхаз иуаажәлар.

"Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы зхыԥхьаӡара рацәоу, зпатреҭқәа кнаҳау Д. Гәлиа, Г. Ӡиӡариа, Ш. Иналиԥа, А. Аншба, В. Аҵнариа уҳәа иара итәгьы нарыцлеит иԥсҭазааратә мҩа дахысны. Вова, саҭаумҵан, сгәи-сылаӷырӡи еилаҵәоит, абас еиԥш ала унаскьаҳгоит, абас еиԥш иҟоу аамҭа ҳҭагылоуп. Бзиала ҳәа уаҳҳәоит, сқыҭа гәакьа Кәтол иалҵыз уакәын, ҷыдала еиҳа ҽакала ҳаизыҟан, усызгәакьан. Изныкымкәа исзукхьаз ажәа ԥхақәа, сажәеинраалақәа, нбанҵакыла аурысшәахь еиҭаганы, Москва аурыс журналқәа урҭаахьан, абас еиԥш иҟоу апоет ду иҩымҭақәа шәкьыԥхь, абааԥсы ҳәа рауҳәахьан", - ихьааганы игәалаиршәон Лашәриа.

Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит Владимир Агрба ибзоураны, раԥхьаӡа акәны ажурнал "Дружба Народов" аҟны урысшәала иажәеинраалақәа нарҭбааны ишанылахьаз. Ус еиԥш аӡәырҩы дырхаҵгылахьан, апатриот, алитература абзиабаҩ, аҵарауаҩ нага Владимир Бабахь-иԥа Агрба.

Игәалашәара лаша наунагӡа иҳацзаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0