Акоронавирус зыдбалаз аԥҳәыс лыкәша-мыкәша иҟаз ауаа шьақәыргылоуп

CC0 / / Врач с ноутбуком
Врач с ноутбуком  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 30 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала Гал араион ахь уназго амҩақәа зегьы адыркит.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Азинхьчаратә усбарҭақәа ишьақәдыргылеит акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс дызныруаз ахаҿқәа зегьы. Абри атәы аанацҳаит акоронавирус аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал.

"Асоциалтә ҳақәа рҟны ацәажәарақәа шырацәазгьы, лара дызнырыз ауаа рхыԥхьаӡара 12-ҩык роуп иҟоу. Иахьа урҭ гәарҭараны иҟоуп. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала Гал араион ахь уназго амҩақәа зегьы адыркит", - иҳәеит Џьынџьал.

Иара иаҿаԥиҽит Нино Хецуриани чарак аҿи ԥсрак аҿи дыҟан ҳәа ирҳәо. Иара иҳәеит аԥҳәыс Галҟа амҩа ианықәыз лхы хәарҭамкәа ишылбаз, хара имгакәагьы Жәыргьыҭҟа дшиаргаз.

Атестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп - Sputnik Аҧсны
Атестқәа ҟарҵоит: акоронавирус здырбалаз аԥҳәыс илныруаз зегьы акарантин ахь ишьҭуп

Уаанӡа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз, Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭоу.

Хәажәкыра 30 рзы Гал араион ахь ицо амҩақәа зегь ркит азинхьчаратә усбарҭақәа.

Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

Ақалақь иалалои иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.

Акоронавирус акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа атәы шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0