Абизнесуаа алагаларатә баџь аԥыхразы Бганба инапынҵа пату ақәырҵеит

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иусқәа назыгӡо Валери Бганба анапынҵа ҟаиҵеит аамҭала афатәаалыҵи амедикаментқәеи аазго анаплакыҩцәа алагаларатә баџь рықәырхырц.

АҞӘА, хәаәкыра 31 - Sputnik. Атәыла иаларгало атауар азы абаџьқәеи ашәахтәқәеи аанкылатәуп иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны Анаплакыҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Виачеслав Библаиа.

"Аԥсны абизнес аусура нкылоуп уҳәар ауеит. Иаарту адәқьанқәеи аԥҭекақәеи раркра ҟалом. Егьырҭ зегьы аус руӡом. Иара убри аан аусзуҩцәа рулафахәы ршәалароуп", - иҳәеит иара.

Библаиа иҳәеит анаплакыҩцәа ргәаанагарала афатәаалыҵи амедикаментқәеи алазгало рымацара рзы акәымкәа, зегьы рзы ашәахтәқәа рԥсыҽтәуп.

Банкноты номиналом 1000, 2000 и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны абизнесуаа акоронавирус аҿагыларазы 12 миллион мааҭ еизыргеит

Абизнес азы аамҭа ауадаҩра ашьақәырӷәӷәаразы Библаиа ҿырԥштәыс иааигеит ихатә бизнес.

"Сара сусзуҩцәа зегьы аусышьҭит. Аҷаԥшьаҩцәа заҵәык аанхеит. Иара убасгьы аинтернет-дәқьан аус ауеит ареспублика аҩнуҵҟа. Уажәы ауаа аԥара ирзысшәо сыԥшаароуп. Заҟа аамҭа акарантин ҟало ҳаздырӡом. Убри азы абаџьқәеи ашәахтәқәеи шәырԥсыҽырц ҳшәыҳәоит", - иҳәеит Ассоциациа ахантәаҩы.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба хәажәкыра 30 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб алахәылацәа адыԥхьаланы. Иара афинансқәа рминистрреи аҳазалхратә еилаки анапынҵа риҭеит аамҭала афатәаалыҵи амедикаментқәеи аазго анаплакыҩцәа алагаларатә баџьи ашәахтәқәеи рықәхра аус иалацәажәарц.

Акоронавирус иадҳәалоу аҭагылазаашьа иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0