Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Зыхәба, Кәаӡба, Аҩӡба рхарадҵа здырԥсыҽыз рҳәеит

© Sputnik / Сария КварацхелияЗдание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019
Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрокуратура хада апозициа иақәшаҳаҭым х-шьауск рфигурантцәа рганахь ала.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахцәажәеит х-шьауск рфигурантцәа рганахьала иаланагалаз арԥсыҽрақәа.

"Аконституциатә принцип инақәыршәаны ашьаус-процессуалтә закәан ишьақәнаргылаз аԥҟареи аҵаҵӷәи рыда ацәгьа иуит ҳәа агәаанагарала аӡәгьы иаанкылара ҟалом", - аҳәоит аӡбарҭа асаит.

Излацәажәо Мизан Зыхәба, Вадим Кәаӡба, Беслан Аҩӡба рганахьала аусҭҵаарақәа роуп. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзураҿы арҭ ашьаусқәа рыхԥагьы рфигурантцәа ирыхцәажәеит:

  • "Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныбылтәы" уаанӡатәи адиректор хада Беслан Аҩӡба даанкылан Аԥсны Ашьаус-процессуалтә закәанеидкыла ахәҭаҷ 91 еилаганы. Уи иаанкыларазы Ашьаустә закәанеидкылаҿы иарбоу ашьаҭақәа ыҟамкәа даанкылан. Аус ахәаԥшраан апрокурор уи техникатә гхоуп ҳәа азиҳәеит.
  • Аԥсны ААР апаспорттә стол аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Кәаӡба ихы дақәиҭтәуп иаанкылара аҿҳәара ацҵара ахьалымшо азы – азыҳәа ахәаԥшраан аӡбарҭахь иаагамызт ахарадҵаратә ӡбара. Ашьаус-процессуалтә закәан ахаҿы ацәгьа иуит ҳәа данааныркыла ашьҭахь жәамш рыҩнуҵҟа аусҭҵаара мҩаԥнагарц ишьақәнаргылоит. Усеиԥш аныҟам, иаанкылоу ауаҩы ихы дақәиҭтәтәуп.
  • Мизан Зыхәба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иара иаанкыларазы аӡбамҭа ахашшааратә инстанциа иаԥсахит ихарарҵо ацәгьоуразы аматериалқәа ахьыҟамыз азы. Апрокуратура аӡбарҭахь инанашьҭыз аматериалқәа рҟны Мизан Зыхәба 2020 шықәса хәажәкыра 16 рзы аҭыԥ змаз ахҭыс далахәын ҳәа шьақәдырӷәӷәо материалк рылам".

Уаанӡа Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Мизан Зыхәбеи, Вадим Кәаӡбеи иаушьҭрази Беслан Аҩӡба аҩнытәи абаандаҩра иқәҵарази иаднакылаз аӡбамҭа закәаным, иҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахырҳәааит. Урҭ агәҭынчымра аадырԥшит ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа гәҩарас ирымоу ауаа рҽырҵәахыр, ма ашьаусҭҵаара иаԥырхагахар рылшоит ҳәа.

Женщина-судья с молотком - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа Мизан Зыхәба иаанкылара ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьеит

Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны Апрокуратура хада агәаанагара иақәшаҳаҭым.

"Ацәгьоура иуит ҳәа гәҩарас ирымоу ауаҩы иганахьала ахарадҵа ашьаусӡбарҭаҟны макьана ибжьаратәуп, убри азы иарбоу аӡбамҭа ашьаусҭҵаара анырра анаҭар алшом. Убри азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрокуратура ауаа ирыланаҵаз агәаанагара урҭ ииашахаҭоу аинформациа рынаҭом, иҳадаҳкылаз аӡбамҭа наҟ-наҟтәи ашьаусҭҵаара иаԥырхагахом", - рҳәеит аӡбарҭаҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0