Анаплакыҩцәа рԥарала Агәабзиарахьчара аминистрра аҿаҵақәа рыхәԥса шәоуп

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКапельница
Капельница  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрразы иаартуп аԥхьаӡамҭа ҷыда. Еизыгахо аԥарақәа Аусбарҭабжьаратә штаб аӡбрала еихшалахоит.

АҞӘА, мшаԥымза 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра азыҳәақәа рыхәԥса ршәеит аҭыԥантәи анаплакыҩцәа еизыргаз аԥарақәа рҟынтәи ҳәа еиҭеиҳәеит коронавирус аламырҵәаразы Аусбарҭабжьаратә штаб алахәыла Борис Барцыц.

Банкноты номиналом 1000, 2000 и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны абизнесуаа акоронавирус аҿагыларазы 12 миллион мааҭ еизыргеит

"Аԥсны анаплакыҩцәа раԥшьгарала аԥарақәа реизгара мҩаԥысуеит. Ирацәаҩуп аԥшьгамҭа ақәҿызҭыз. Иахьазы еизгоуп 23 миллион 400 нызқьмааҭ. Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ долларла ацхыраара ҟаиҵеит. Иахьа раԥхьатәи ашәарақәа мҩаԥган", - иҳәеит Барцыц.

Иара иҳәеит Аԥсны АҶА азы 950 000 мааҭ рыхә адезинфекциатә хархәагақәа шаархәаз, быжь-миллионк рҟынӡа азырхоуп ареанимациатә ҟәшақәеи Арыԥҳақәа рҳауеиҭарсратә аппаратқәеи (АРА) рзы аныхратә материалқәа раахәара.

"Иахьазы ихадароу арыԥҳақәа рҳауеиҭарсратә аппаратқәа роуп. Ҳгәыӷуеит уаҵәы урҭ 21 роура алшап ҳәа. Макьаназ апартиа зегь азы аԥара азхом аха аԥареизгара шцо ала ихаҭәаахап ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Барцыц.

Абри ашьҭахь иаахәатәхоит амедицинатә усзуҩцәа рзы ахьчагатә хархәагақәа, атест-системақәа, ианеиҵаха жәа-нызқь рҟынӡа.

Хәажәкыра 26 рзы анаплакыҩцәа Валери Бганба иԥылеит, ирылацәажәеит Аԥсны акоронавирустә инфекциа COVID-2019 аҿагылара азҵаарақәа.

Аиԥылара алахәылацәа азааит русураҿы Агәабзиарахьчара аминистрреи дареи реинырра шхымԥадатәиу.

Абри ашьҭахь анаплакыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ иаԥырҵеит аԥарақәа риагашьа аилкаара ахьалшо аплатформа "Ҳара ҳаидгылоуп".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0