Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алонг-бӷьыц рылаҳәоуп

© FotoЮбелейный вечер Фазиля Искандера прошел в Москве
Юбелейный вечер Фазиля Искандера прошел в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аԥнаҵеит Урыстәылатәи ПЕН-центр 2016 шықәса нанҳәамзазы.

АҞӘА, мшаԥымза 1 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиҿкааҩцәа ирыларҳәеит аԥхьахә аиура зылшо рсиа абарҭ аноминациақәа рҿы: "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценарии адраматургиеи", "Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы апроза", ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи ПЕН-центр апрезидент, ажиури ахантәаҩы Евгени Попов.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

"Сынтәа Аԥсны ахаҭарнакцәа ҩыџьа ыҟоуп, аха урҭ рыхьӡ сҳәаанӡа иазгәасҭар сҭахуп асиа акыр ишауу. Асиаҿ ишарбоу Диана Рубина, Валери Попов уҳәа реиԥш еицырдыруа алитераторцәеи алитератор ҿарацәеи", - иҳәеит иара.

Асиаҿ Аԥсны ахаҭарнак иаҳасаб ала ихьӡ ҳәоуп - Витали Шариа (ажәабжь "Машинка времени"), аҩбатәи - Асҭамыр Какалиа (аҭоурыхтә роман "Гостеприимное море").

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә роуеит абарҭ аноминациақәа рыла: "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценарии адраматургиеи", "Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы апроза".

"Ажиури алахәылацәа аҩымҭақәа зегьы ирыԥхьоит. Нас абжьыҭира мҩаԥысуеит. Уи ҩбаҟа мзы иадхалоит. Уи ашьҭахь шорт-бӷьыц рылаҳәахоит", - иҳәеит Попов.

Фазили Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аиура мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмзазы.

Аԥхьахә аиуразы сынтәа иқәыргылоуп 51 усумҭа. Асиа иаҵанакуеит: еицырдыруа – Валери Бочков, Мариа Ватутина, Олег Глушкин, Дина Рубина, Максим Замшев, Виачеслав Куприанов, Валери Попов, Елена Усачева, Антон Уткин, Вадим Фадин, Витали Шариа, иара убасгьы аҿарацәа –Елена Буевич, Анаит Григориан, Надиа Делаланд, Ирина Гориунова, Асҭамур Какалиа, Александр Карпенко, Инга Кузнецова, Артеми Леонтьев, Александра Николаенко, Георг Панкратов, Валериа Пустоваиа.

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аԥнаҵеит Урыстәылатәи ПЕН-центр 2016 шықәса нанҳәамзазы.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0