Урыстәыла акарантин аилагарази аԥаршеи аларҵәарази ахараԥсақәа дырӷәӷәоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПолиция на улицах Москвы
Полиция на улицах Москвы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Урыстәыла 2777-ҩык акоронавирус рымоуп, 1880-ҩык— Москва, 24-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит, 190-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит.

АҞӘА, мшаԥымза 2 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит акарантин аилагареи аԥаршеи аларҵәареи рзы ахараԥсақәа рырӷәӷәаразы ақәҵара.

Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.

Азакәан инақәыршәаны административтә ҭакԥхықәра алагалахоит аҭагылазаашьа ҷыда аан асанитартә ԥҟаррақәа реилагаразы, асанитар-епидемиологиатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан адҵа ақәымныҟәара рзы.

.Ахараԥса алагалахоит абасеиԥш:

  • Атәылауаа рзы: 15 000 - 40 000 мааҭ
  • Амаҵзурауааи анаплакыҩцәеи рзы: 50 000- 150 000 мааҭ
  • Аиурист хаҿқәа рзы: 200 000- 500 000 мааҭ.

Аиҿкаарақәеи анаплакыҩцәеи аԥаратә шәара ацынхәрас 90 мшы ҿҳәарас иаманы русура аанкылахар ҟалоит.

Мшаԥы 1 азы Владимир Путин инапы аҵаиҩит азакәан аиҳабыра атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалараз азинмчра рызҭо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Урыстәыла 65 шықәса иреиҳау, ахьҭа злалан иҟоу зегьы атестқәа ирыхрыжьуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0