Рыҩнқәа ирдәылҵуам: Тҟәарчал аҳақьым хада аҭагылазаашьа еиҭалҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчал
Тҟәарчал  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал уахьалало ацхыраара ласы абригада, АҶА аусзуҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ахьыҷаԥшьо аблокпост аартуп.

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Тҟәарчалаа ишырҳәаз еиԥш рыҩнқәа рыҽрыҩнаркит, араионтә хәышәтәырҭахьгьы аӡәгьы дадымҵаалацт ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиа.

"Ҳара ҳҟны ҭынчроуп. Ақалақьуаа амедикцәа ирабжьырго иқәныҟәоит. Шамахамзар аӡәгьы дҳадҵаалом. Аҭел иасны изызҿлымҳау азҵаарақәа ҳарҭоит, ҳабжьгарақәа рыдыркылоит", - лҳәеит Гаргәылиа.

Аӡәыр акоронавирус имазар, аихшаратә ҭыԥ еиҿкаауп ахәышәтәырҭа аҿаԥхьа, аха уахьгьы уаҩ дықәымлацт.

Здание администрации г. Сухум. - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь аҿы акоронавирус аҿагыларатә уснагӡатәқәа дырӷәӷәоит

Тҟәарчал уахьалало, Аҟәарчаԥани Гәыԥи рыбжьара ацхыраара ласы абригада, АҶА аусзуҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ахьыҷаԥшьо аблокпост аартуп.

Тҟәарчалаа ашоура рыманы ирбар, аҩныҟа дрышьҭуеит, уахь сасҵас амҩа иқәу аӡәы иакәзар – ддырхынҳәуеит.

"Иара убасгьы аӡәыр акоронавирус ахьыҟоу атәылаҟынтә ааигәа даазар, ҳхәышәтәырҭахь иаразнакы адырра ҟарҵоит, ҳаргьы уи ауаҩы ҳишьклаԥшлоит", - лҳәеит лара.

Мшаԥы 3 рзы апациентцәа руаӡәк ибиоматериал аҟәатәи алабораториахь инашьҭуп аҭҵааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0