Мшаԥымзазы Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәанчахәы заанаҵы ирызшәахоит

CC0 / / Банкомат
Банкомат  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 28 рзы Аԥсны акоронавирустә инфекциа алаҵәаразы иҟоу ашәарҭа инамаданы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра атәанчахәы еиҳа изааны ирыҭахоит ҳәа иҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа. Иара иқәгылара зныз авидео аланарҵәеит ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб.

"Хара имгакәа урыстәылатәи атәанчахәы ашәара иалагоит. Сынтәа Урыстәыла Атәанчахәытә фонд еиҳа изааны ашәарақәа мҩаԥнагоит, убри азы еиҳа изааны ишәоуеит аԥара", - иҳәеит Бараҭелиа.

Иара убасгьы Аԥсны атәанчаҩцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит агәаран ҟамларц азы актәи амш азы зегьы еицымнеиларц. Иара иҳәеит аԥара атәылаҿы ишыҟоу, тәанчахәыда уаҩ дышнымхо.

Ареспублика абанкқәа рҟны ахыбра аҩнуҵҟеи абанкоматқәеи адезинфекциа рзыруеит, асанитар-епидемиологиатә маҵзура ишаҳәо еиԥш, аха аԥара ахаҭа арыцқьара алшом. Убри азы Бараҭелиа ауаа ирабжьигоит абанкомат аҟынтәи аԥара анырго, анапҭарԥақәа рымӷазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0