Аԥҭекақәа рҿы ахәшәқәа рыҟазаареи рыхәԥсеи хылаԥшра аиулоит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФармацевт выбирает лекарство в аптеке
Фармацевт выбирает лекарство в аптеке  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла аҵакыраҿы аҭагылазаашьа ҷыда аҟазаараан аԥҭекақәа русурақәа ԥырымкит. Урҭ русура хылаԥшра арҭалоит Агәабзиарахьчара аминистрраҟынтә.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны ахәшәқәа разымхара ыҟам ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра Афармациа аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба.

"Аԥсныфармациа" аҳәынҭқарратә хырхарҭа адҵақәа нанагӡоит ишахәҭоу еиԥш, ахәшәқәа шааргац иааргоит аҳәаа ахьаркугьы иахьмырԥшыкәа.

Автомобиль реанимации  - Sputnik Аҧсны
Аоперативтә штаб адырра ҟанаҵоит ахәышәтәырҭахь анеира анхымԥадатәиу азы

"Акоронавирус инадҳәаланы алогистикатә еидҳәаларҭақәа маҷк еиԥҟьеит иара Урыстәылагьы. Макьаназы аҭагылазаашьа шыҟало ҳаздырам. Ауадаҩра акоронавирус адагьы адоллар ашьҭыҵра иадҳәалоуп", - иҳәеит Аџьба.

Иара ишиҳәаз ала, ахәԥсақәа рышьҭыҵра аҭыԥ амоуп. Уи акоронавирус алаҵәареи адоллар ашьҭыҵреи ирыдҳәалоуп.

Ахра Аџьба иҳәеит Аҟәеи атәыла егьырҭ араионқәеи ақалақьқәеи рҿы аԥҭекақәа рҟны ахәԥсақәа рҭагылазаашьа ишахылаԥшуа Агәабзиарахьчара аминистрра, Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб, Аҳәынҭстандарт, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Ахәԥсақәа шьҭыхуп ҳәа адырра аиураан агәаҭарақәа мҩаԥгахоит, адырра иашазар - иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа рыдыркылоит.

"Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ыҟоуп иреиҳаӡоу ахәцҵа азы. Уи анеилагаха ахараԥсатә санкциақәа рықәырҵоит. Иҟалоит азин ҷыда –алицензиа амхра аҟынӡагьы инаӡар. Аҭагылазаашьа ҷыда аҟазаараан ари аҩыза ахарадҵа азин ыҟоуп", - ҳәа рҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Ахәԥсақәа рырҳаракразы ауааԥсыра аҭел иасыр рылшоит Агәабзиарахьчара аминистрра, Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб, Аҳәынҭстандарт, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра рахь абарҭ аномерқәа рыла: + 7 940 995 02 07; + 7 940 773 50 50; + 7 940 711 30 77; + 7 940 935 30 71; + 7 840 229-44-00, +7940 777 54 58; +7940 999 54 58, +7 (940) 920-20-95; +7 (940) 754-50-50.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0