Аԥсны акоронавирустә инфекциа заур зылшо рзы ихианы иҟоуп 730 ҭыԥ

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАппарат искусственной вентиляции легких
Аппарат искусственной вентиляции легких - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
86-ҩык ауааԥсыра акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысхьеит Аԥсны аҵакыраҿы аҭагылазаашьа ҷыда аларгалеижьҭеи. Иахьазы Аԥсны авирус змоу уаҩ дыҟам.

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы акоронавирустә инфекциа заур зылшо рзы ихианы иҟоуп 730 ҭыԥ ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы еиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаареи Роспотребнадзори рҟынтәи ҳколлегацәа ҳацырхыраан ҳара иазԥхьагәаҳҭеит аҭагылазаашьа уадаҩхар раԥхьатәи аҭахрақәа реиҿкааразы. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ 70 ҭыԥ хиоуп, убри аан иаҭахханы иҟалар – 350 рҟынӡа инагахар ҟалоит. Зынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа 730 ҭыԥ хиоуп", - иҳәеит иара.

Ҵахнакьиа иара убасгьы иазгәеиҭеит Москватәи аԥсуа диаспора еизыргаз аԥарала Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рзы иаахәоуп арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа 21.

Иахьазы Аԥсны аҩнуҵҟа аӡәгьы акоронавирус имам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Акоронавирус алаҵәаразы иҟоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0