Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа анадыркы ашьҭахь 22-ҩык ҳтәылауаа рыҩныҟа ихынҳәит

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵала Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп мшаԥы 8 инаркны 20 рҟынӡа.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа анадыркы ашьҭахь 22-ҩык ҳтәылауаа рыҩныҟа ихынҳәит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Кәыҵниа иазгәеиҭеит, урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ахшароура ашьҭахь аҩныҟа ихынҳәуаз роуп, егьырҭгьы аҳәаа шадыркуазы аусдҵа рылаҳәахаанӡа Урыстәыла аҵакыраҿы аҽыхәышәтәра мҩаԥызгоз роуп ҳәа.

"Мшаԥы 8 асааҭ 00:00 инаркны Аԥсны аҵакырахь иҭалеит 22-ҩык ҳтәылауаа. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ахшароура ашьҭахь аҩныҟа ихынҳәуаз роуп, егьырҭгьы аҳәаа шадыркуазы аусдҵа рылаҳәахаанӡа Урыстәыла аҵакыраҿы аҽыхәышәтәра мҩаԥызгоз роуп. Ҳмедицинатә усзуҩцәа урҭ аҳәааҿ агәаҭара иахрыжьит", - иҳәоит Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла, аҳәааҿы ҭынчроуп. АҶА амедицинатә усзуҩцәеи Гагратәи ахәышәтәырҭа аусзуҩцәеи рыбригадақәа аҭыԥ аҿы иҷаԥшьоит.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо идҵала Ԥсоу иаԥну атәыла аҳәаа аркуп мшаԥы 8 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа.

Аҳәаа ахысра азин рымоуп аҳәаанырцә тәылақәа рдипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа, Аԥсны иҟоу арратә база аруаа, жәларбжьаратәи аидарамҩангара мҩаԥызго атранспорт хархәагақәа рырныҟәцаҩцәа.

Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит Валери Бганба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0