Акоронавирус зыдбалоу аҩбатәи ауаҩгьы гагратәи аҩнеихагылаҿы инхо лоуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра "Сколково"
Разработка экспресс-тестов на коронавирус учеными из центра Сколково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 8 рзы акоронавирустә инфекциа змоу аҽаӡәгьы дшьақәыргылан. Уи COVID-19 змаз Гагра инхоз ауаҩы дызныруаз лоуп.

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акоронавирус зыдбалоу аҩбатәи ауаҩгьы раԥхьатәи ачымазаҩ дахьынхоз гагратәи аҩнеихагылаҿы дынхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

Иара иажәақәа рыла, аԥҳәыс атест дахыжьын. Уи ишьақәнаргылеит акоронавирус шлымоу.

Аԥсны акоронавирус здырбалаз даҽаӡә дҟалеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус здырбалаз даҽаӡә дҟалеит

Иара иҳәеит аԥҳәыс Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дышнагоу. Ари аинформациа шьақәдырӷәӷәеит Акоронавирус аҽацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҟны.

COVID-19 змаз ақалақь ауаҩԥсы дахьынхоз аҩнеихагылаҿы инхо зегьы авирус амазаара ашьақәыргыларазы игәарҭеит ҳәа Sputnik уаанӡа иазеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа.

"Ахаҵа аабаны еихагылоу аҩнаҿы дынхон. Ҳара уа инхо зегьы рсиа ҟаҳҵеит. Шьыжьнаҵы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа асанитартә рыцқьара мҩаԥыргеит. Аҩны ахьчараҿы игылоуп амилициа аусзуҩцәа уахь аӡәгьы дыҩнамларц, ма ддәылымҵырц азы. Иахьа араион ахадара дара рзы ача аахәаны инарышьҭит", - еиҭеиҳәоит иара.

Убас, мшаԥы 7 рзы аҩнеихагыла ахы инаркны аҵыхәанӡа арзҩыдара азун.

Мшаԥы 8 рзы акоронавирустә инфекциа змоу аҽаӡәгьы дшьақәыргылоуп. Уи COVID-19 змаз Гагра инхоз ауаҩы дызныруаз лоуп.

Иара убас шәаԥхьаҟр ҟалоит: 

Ажәабжьқәа зегьы
0