Аԥсны ауааԥсыра аҩны адәылҵра иақәиҭхом ԥсыхәа змам уск аҵыхәала акәымзар

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди на Брехаловке
Люди на Брехаловке  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит атәыла аҩнуҵҟа иназыцҵоу аԥкрақәа ралагалареи административтә ҭакԥхықәра адҵареи рзы Адекрет.

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Амҩадуқәа, амшын аԥшаҳәа, ақалақь ашҭақәеи абаҳчақәеи уҳәа егьырҭ ауаажәлар реизарҭа ҭыԥқәеи рҿы аҟазаара ақәиҭымтәра алагалахоит мшаԥы 11 асааҭ 00:00 инаркны аҭагылазаашьа ҷыда арежим аанҵәаанӡа Аԥсны иахьаҵанкуа зехьынџьара.

Абри атәы зҳәо адокумент кьыԥхьын иахьа ахада исаит аҟны.

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы иалагалоу абарҭ аԥкрақәа ирыҵаркуам:

  • амедицинатә цхыраара ласы аҳәара иадҳәалоу ахҭысқәеи, ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара ианҭагылоу ахҭысқәеи;
  • аусураҭа ҭыԥ ахь ацареи-аареи (хәажәкыра 27, 2020 шықәсазы Аԥсны ахада ин.н. инапы зҵаиҩыз адҵа инақәыршәаны ззин ыҟоу усуразароуп уи);
  • хәажәкыра 27, 2020 шықәсазы Аԥсны ахада ин.н. инапы зҵаиҩыз адҵала иԥкым атауарқәеи, аусқәеи, амаҵзурақәеи раахәарҭа ҭыԥ ахь машьынала анеира (ҩыџьа иреиҳамкәа еицызар ауеит);
  • зхы иамыхәо, ма ауралымшара змоу, иныҟәгатәу ауаа еснагь избо;
  • зықәра 60 шықәса инареиҳау, ма ачымазарақәа зцәа иалоу ауаа афатә-ажәтәи ихымԥадатәу атауарқәеи рызнагара иаҿу;
  • ауаажәлар ахьеизо аҭыԥқәа рҟны ахала аҟазаара;
  • нхарҭаҭыԥк аҟны еицынхо ауаа ауаажәларратә ҭыԥ аҟны реицыҟазаара;
  • ҩыџьа ауаа ауаажәларратә ҭыԥ аҟны реицыҟазаара, руаӡәы ихы дзамыхәакәа егьи ацхыраара ииҭозар;
  • ақыҭанхамҩатә усқәа ахьымҩаԥырго аҭыԥ ахь ацареи-аареи;
  • иааигәаӡоу аизакырҭаҿынӡа агәамсам анагара;
  • зуалԥшьа назыгӡо амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа;
  • агәабзиарахьчареи асоциалтә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа;
  • аиқәырхаратә, амцарцәаратә, акоммуналтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа;
  • абанктә инфраструктура аобиектқәа русура еиқәзыршәо ахаҿқәа;
  • аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа русура еиҿызкаауа аусзуҩцәа;
  • аҭагылазаашьа ҷыда аамҭазы атәылауа ацхыраара рызҭо аволонтиорцәа;
  • хәажәкыра 27, 2020 шықәсазы Аԥсны ахада ин.н. инапы зҵаиҩыз адҵала иԥкым анаплакратә обиектқәа русзуҩцәа.

Хәажәкыра 28 инаркны мшаԥымза 20 рҟынӡа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Иахьазы атәылаҿы акоронавирус ҩыџьа ирыдбалоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0