Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны "акризисшьҭахьтә" сиа ианырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аҽацәыхьчаразы иалагалоу аҭагылазаашьа ҷыда аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа атуристтә обиектқәа асасцәа рыдыркылом, иара убас аԥсшьаҩцәа рыдыркылом Алада Урыстәыла арегионқәа рҟынгьы.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәылатәи афедералтә туроператор дуқәа урыстәылаҩнуҵҟатәи ахырхарҭақәа реиԥш Аԥснытәи ахырхарҭақәа рахьгьы, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа (АТОР).

"Аекспертцәа рыхәшьарақәа рыла, апандемиа анынҵәалак раԥхьа иргыланы атәылаҩнуҵҟатә туризм аиҭашьақәгылара иаладыргоит. Уи иазыхианы иҟазарц азы атуроператорцәа ражәалагалақәа дырҭбаауеит. Уажәы дара ауаа ԥсшьарҭас ирыдыргаларц ирымоуп Ҟрым, Аԥсны, Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

АТОР аҟны иазгәарҭеит аилахәырақәа асанатор-курорттә обиектқәа аус рыцура ишазыхиоу, аха аҵыхәтәантәиқәа аамҭала русура аанкылоуп.

Аԥсны мшаԥы 20 рҟынӡа аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Атуристцәа рыдкылара аанкылоуп. Ареспублика аҳәаақәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0